Цәыббрамза 30 Аԥсны аҳәынҭқарратә ныҳәа хада – Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахантәаҩы Ашәба Лашеи Апарламент адепутатцәеи Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны амемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Ахада Гәынба Бадра, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бигәаа Беслан, аҧыза-министр Делба Валери, Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Алада-Уаҧстәыла аҧыза-министр Константин Џьуссоев, иара убас Аиҳабыра алахәцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Анаҩс имҩаԥысит аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 12 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә парад
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

30.09.2025
Поделиться в соцсетях: