НОВОСТИ

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Лаҭатәи атрагедиа  инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит.
14.12.2025
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Лаҭатәи атрагедиа инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Лаҭатәи атрагедиа  инамаданы Ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!  
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц аҟны иҷыдоу аҭыԥ ааннакылоит 1992 шықәса ԥхынҷкәынмза 14, ақырҭуа ар Лаҭа ақыҭаҟны амацәаз иҭакыз Тҟәарчал иалҵны иаауаз урыстәылатәи авертолиот иеихсны ианкарыжьыз  амш.  
Иҭахеит авертолиот иҭаз зегьы – аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа, 87-ҩыуаак. Урҭ рыҩныҵҟа иҟан ааҩык аҳәса зцәа зтәымыз, 35-ҩык ахәыҷқәа, быжь-шықәса зхымҵыцызгьы аӡәырҩы. Иҭахеит агәымшәареи агуманизми аазырԥшыз урыстәылатәи аԥырҩцәа, аҭынч уааԥсыра ралгара знапы ианыз Аԥсуа ар аибашьцәа. Уи аҽны Аԥсны  иқәынхо ауааԥсыра зегьы ҭаацәакны еиднакылеит зҭынхацәа зцәыӡыз ауаа ироуыз ахьаа, агәырҩа.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент  иҭахаз – ахәыҷқәа, аҳәса, урыстәылатәи аԥырҩцәа, ҳаибашьцәа рыуацәеи рҭынхацәеи гәалсрала ирыдышшылоит. Иага аамҭа царгьы, урҭ рыхьыӡқәа хашҭра рықәӡамкәа Ҳаԥсадгьыл аҭоурых аҟны инхоит.    
Аибашьра иаҳзаанагаз арыцҳара хашҭшьа амаӡам иахьагьы, уаҵәгьы. Ҳажәлар ирхыргаз агәаҟра инеимда-ааимдо ҿыц игыло абиԥарақәа ирызнагахоит ргәалашәараҿы инхарц азы. Иаамҭаӡамкәа иҿыцәааз аԥсҭазаарақәа аҭынчра иамоу аҵакы ҳгәалазыршәо акәны иҳацзаауеит наунагӡа.
Урҭ хашҭра рықәӡам.