НОВОСТИ

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар 2026-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит
31.12.2025
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар 2026-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар 2026-тәи Ашықәс ҿыц рыдиныҳәалеит.


Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ҳазҭало!  

Иҳаҩсыз 2025-тәи ашықәс иеиуеиԥшым хҭысла ибеиан, алҵшәа бзиақәа рылагьы ихҳаркәшеит. Ҳара ҳтәыла алшара дуқәа змоу тәылоуп. Ҳара ҳрызгәдууп ҳаидызкыло, ԥхьаҟагьы аҿиаразы алшара ҳазҭо ҳкультура, ҳҭоурых, ҳатрадициақәа. Ҳаидгылара иабзоураны хымԥада ҳҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рынагӡара ҳалшоит.  

Милаҭрацәала иеилоу Аԥсны жәлар зегьы иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп рнапы злаку аусқәа рыҟны ирымоу аихьӡарақәа рзы, ҳҳәынҭқарра аганахьала иаадырԥшуа агәбылразы, уи аргылара   аҽалархәразы ирымоу агәазыҳәаразы. Ҷыдала ҳазҭало Ашықәс ҿыц  рыдаҳныҳәалар ҳҭахуп абарҭ аныҳәамшқәа рзы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реилазаарақәа зегьы иҭышәынтәаланы русура алыршаразы ирыду арратә ԥхықәра қәҿиарала иназыгӡо.

Иҟалааит 2026 –тәи ашықәс ауаажәларра аҵараиура, агәабзиарахьчара, акультура, аспорт уҳәа иеиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыҟны ирымоу аҭахрақәа ирзынархоу апроект ҿыцқәа, агәҭакқәа, аидеиақәа рынагӡара, асоциалтә аԥшьгарақәа, жәларбжьаратәи аусеицура арҿиара иашықәсны.  
Акыр иаԥсоу аҩызцәа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, иаҳзыԥшу аихьӡара ҿыцқәа, ахҭыс бзиақәа рыгәрагара!