Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Қьырса ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Қьырса ныҳәа амш!
Ари аныҳәа ду ахаангьы аԥсуаа ҳзы адоуҳатә ҵак ҷыда амоуп, дарбанзаалак ҩныҵҟала даҽакы иаламҩашьо гәалаҟазаарак, ԥхаррак инаҭон. Қьырса ныҳәа иацу алашара ҳара ескьынгьы ҳамҩақәнаҵон, доуҳала мчык ҳнаҭон.
Иҟалааит қьырсазтәи амшқәа ҳазҭалаз ашықәс ҿыцазтәи ахҭыс бзиақәа, аихьӡара ҿыцқәа ирылагамҭаны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
07.01.2026
Поделиться в соцсетях: