Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша УА АФедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Иира амш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Виачеслав Виктор-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ахә ҳаракны иршьоит ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура арҿиара аус иашәҭо адгылара».
Ашәба Лаша иҳәеит ҩ-ганктәи амшхәаԥштә азҵаарақәа зегьы рыла апарламентбжьаратә усеицура ацҵара дшазхиоу, Виачеслав Володин изеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аихьӡарақәа азакәанԥҵаратә усураҟны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
04.02.2026
Поделиться в соцсетях: