Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Адукатцәа рпалата Ахантәаҩы Чагәаа К. Л. ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Ҳаҭыр зқәу Котико Лавренти-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра иазку амш!
Шәара – адукатура аветеран, адукат иаҳасабала ҳуаажәларра рыҩныҵҟа набыцра змам ахьӡ иаԥсахаз, асоветтә аамҭазы ихацыркхаз аиуристтәи адукаттәи ԥышәа ду змоу шәреиуоуп. Иеиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥснытәи адукаттә ус ахацыркреи аҿиареи анымҩаԥысуаз ишьақәгылаз атрадициа бзиақәа еихаҳауа, ҳаамҭазтәи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны уи аԥхьаҟа арҿиара аус иацхраауаз шәыруаӡәкуп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адукатцәа рпалата Ахантәаҩы имаҵураҟны Шәара адукаттә уаажәларра арӷәӷәара шәацхраауеит, шәдыррақәеи шәԥышәеи аспециалистцәа ҿарацәа ирымажәдоит. Азакәанԥҵара ԥымкрада анагӡареи лыҵшәа змоу аусура алыршареи ирызку Шәара шәусура ҳуаажәларразы аҵак ду амоуп. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит шәнапы злаку аус азыҟазаашьазы, шәҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа аҳәынҭқарразы иамоу аҵак ду азы ишәымоу аилкааразы.
Шәара имҩаԥыжәго гәацԥыҳәаратәи адукаттә усуразы ишәанашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адукатцәа рпалатеи рыхьӡала аҳаҭыр шәҟәқәа, ишәыхҵоуп «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аиурист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы, адукаттә ҳамҭақәа рзы Урыстәылатәи адукатцәа Ргильдиа Аилак азыӡбала 2011 шықәсазы Шәара аиуриспруденциа апрофессионал иаҳасабала ишәанашьоуп «Ҳаҭыр змоу Урыстәыла адукат» ихьӡи идыргеи.
Акрызҵазкуа абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, агәамч, анасыԥ, аихьӡарақәа шәнапы злаку аус аҟны!"
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
02.02.2026
Поделиться в соцсетях: