Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра!
Шәара шәыԥсҭазаара беиоуп активла имҩаԥыжәго аҭҵаарадырратә, ауаажәларратә, аполитикатә усурала.
Шәара акыр шықәса раахыс аҭҵаарадырратә ҭҵаарақәа, аԥсуа бызшәеи акультуреи рҭоурых азҵаарақәа рҿиаратәла иазнеиуа еицырдыруа ҵарауаҩуп. Аҵарауаҩ иаҳасабала Шәара шәнысмҩа – шәбаҩхатәреи, шәџьабааи, шәнапы злаку ауси Аԥсадгьыли гәык-ԥсык ала рзыҟазаареи ирылҵшәахаз аихьӡарақәа ирҭоурыхны иҟалеит.
Аҭҵаарадыррахь ишәымоу агәбылреи аԥсуа жәлар рҭоурых иашәҭо гәык-ԥсыкала азҿлымҳареи шәдунеихәаԥшреи шәполитикатә знеишьақәеи гәыцәс ироуит. Аҭҵаарадырреи аполитикеи шәыԥсҭазааратә мҩаҿы ахаангьы иузеиҟәымҭхо еидҳәалан, иахьа Шәара Аԥсны жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәу аӡә иаҳасабала шәеицырдыруеит.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогикатә институт аҟны шәҵара ашықәсқәа раан Шәара астудентцәа рзинхьчаратә еиҿкаара напхгара ашәҭеит, ԥасатәи СССР апартиатә усбарҭа хадақәа ирзырхаз ашәҟәқәеи ааԥхьарақәеи жәпакы авторцәа шәыруаӡәкуп, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы аҵак ду змаз 1988 шықәсазы иаԥҵаз Аԥсны Жәлар Рфорум «Аидгылара» аԥҵаҩцәа шәыруаӡәкуп, 2003 шықәса инаркны ауаажәларратә еиҿкаара «Аидгылара» напхгара ашәҭеит.
1991 шықәсазы Шәара 1990-тәи ашықәсқәа рылагамҭазы аԥсуа жәлар рхатәҳәаақәҵаразы рықәԥара напхгара азызуыз, 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭа уадаҩқәа раан зусура иацҵаны имҩаԥызгоз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет, анаҩс — Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент I ааԥхьара адепутат иаҳасабала Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы аилаки Аԥсны Аҳәынҭқарра Аорденқәеи амедалқәеи рзы аҳәынҭқарратә комиссиеи шәрылахәын.
Шәара шәыԥсҭазаараҟны аҭыԥ ҷыда ааннакылоит апарламенттә усура. 2007 шықәса инаркны 2022 шықәсанӡа депутатс шәыҟан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент IV, V, VI ааԥхьарақәа рыҟны. 2007 шықәса инаркны 2012 шықәсанӡа Шәара напхгара ашәҭон Аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә еилакы, шәалахәын иара убас аџьынџьуаа рымадаразы Аилак.
2012 шықәсазы Апарламент V ааԥхьараҟны Шәара Абызшәатә политикеи адемографиеи рзы аилак ахантәаҩыс шәшьақәырӷәӷәан, 2016 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс шәалхын. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VI ааԥхьара актәи аилатәараҟны адепутатцәа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩыс шәалырхит.
Апарламенттә усура ашықәсқәа рыҩныҵҟала Шәара шәлагаламҭа дууп ареспублика азакәанԥҵареи аԥснытәи апарламентаризми рыҿиараҟны, закәанԥҵарала аҭҵаарадырратәи аҵараиуратәи усхкқәа рызҵаарақәа рыӡбараҟны ишәылшаз рацәоуп. Амилаҭтә зҵаара иазку ихадароу хырхарҭаны Шәара шәзы есқьынгьы иҟан аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиара иазкыз ауснагӡатәқәа рыӡбара. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы имаҵураҟны Шәара атәылаҿы имҩаԥысуаз аполитикатә процессқәа анырра рышәҭон. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аԥсуа диаспора амадареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рпарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара иашәҭоз адгылара.
Шәара апарламенттә усуратә гәыԥқәеи акомиссиақәеи реилазаараҟны шәыҟан, ҷыдала, Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә усхк аҿы азакәанԥҵара ареформа азура, Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иазкыз азҵаарақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Шәара шәзанааҭтә ҭҵаарадырратә дыррақәа 2010 шықәсазы напхгара зышәҭаз Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳәаа азгәаҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара амшынтә ҵакырақәа реиҟәыҭхареи рзы Акомиссиа аусураҿы хархәара рыҭан.
Шәара ишәылоу аусдырреи апрофессионализми, аԥышәа дуи ҭакԥхықәрала аус азнеиреи, аԥсуа-абаза бызшәатә материали амилаҭтә культуреи ирышәҭо азҿлымҳареи, агәцаракреи ирыбзоураны аҭҵаарадырратә еилазаараҿы аҳаҭырқәҵара шәаԥсахеит. Шәара шәыхьӡи шәыҭҵаарадырратә усумҭақәеи ҳтәыла анҭыҵгьы иеицырдыруеит.
Еиуеиԥшым аҭакзыԥхықәу амаҵурақәа рҿы, иара убас хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаарадырратә усумҭақәа равтор иаҳасабала аԥсуа бызшәа аҿиараҿы шәлагала дууп. 2019 шықәсазы иҭыжьыз быжь-томкны иҟоу шәусумҭақәа реизга аԥсуа ҭоурыхтә ҭҵаарадырраҿы иахәҭоу аҭыԥ ааннакылоит, аҵарауаа, аҭҵааҩцәа ҿарацәа, астудентцәа, Кавказ ажәларқәа рбызшәақәеи рҭоурыхи рызҵаарақәа ирызҿлымҳау зегьы рзы акрызҵазкуа хыҵхырҭаны иҟоуп.
Шәара зегь рыла аҭҵаарадырра аҳаҭыр аизырҳара, ҳҳәынҭқарратә бызшәа азҿлымҳара аҭара аус шәацхраауеит.
Шәҳәынҭқарратәи шәуаажәларра-политикатәи усура, аԥсуа ҭҵаарадырра аҿиараҿы шәлагала ииашаны аҳамҭақәа жәпакы рыла иалкаауп, аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵоуп. Шәара ишәанашьоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовети Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти раҳаҭыртә шәҟәқәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа – «Ахьӡ-Аԥша» аорденқәа рых-ҩаӡаракгьы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз усзуҩуп, Г. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә премиа, иара убас ахьтәы Артиатә орден шәанашьоуп аҭҵаарадырра аусхк аҟны «Урыстәыла ажәларқәа Абыжьбатәи р -Артиада Алауреат» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы шәыхҵаны.
Ҳаҭыр зқәу Валери Ермеи-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, шәхықәкқәа рынагӡаразы алшара ҿыцқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
10.02.2026
Поделиться в соцсетях: