НОВОСТИ

Имҩаԥысит Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәу аилатәара
16.02.2026
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәу аилатәара

Жәабран 16 рзы Апарламент аҟны Занҭариа Резо ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәу аусуратә еилатәара.

Аилатәара рхы аладырхәит афинансқәа рминистр Гәбаз Саиди аекономика аминистр Амқәаб Ҭемрази.

Аилатәара алахәцәа абарҭ азакәан апроектқәа ирыхәаԥшит:

- «Ахәқәа рҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара аусхк аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аиҭакрақәа ралагаларазы»;
- «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аџьатә закәанеидкыла аиҭакрақәа ралагаларазы»;
- «Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа акоммуналтә маҵзурақәа рынагӡаразы азинтә ҷыдақәа рыҭара аҷыдарақәа рзы»;
- «Афымцамч азы " Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы;
«Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны афымцамч атарифқәа рҭышәныртәаларазы ауснагӡатәқәа рзы».

Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак иарбоу азакәанапроектқәа актәи аԥхьарала рыдкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь рнагаразы аӡбамҭа аднакылеит.