ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
27.02.2026
Поделиться в соцсетях:
Ашәба Лаша Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит шәзанааҭтә ныҳәа - Аԥсны Амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩ имш.
Ари – есҽны зусурала ауаажәларратә гәаанагара шьақәзыргыло, иахьатәи аамҭа афактқәа азгәазҭо, ауаажәларра еидызкыло ныҳәоуп.
Аԥсуа журналистика аҭоурых ҳажәлар рлахьынҵа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Жәабранмза 27 арыцхә машәырны иалхӡам: абри амш аҽны 1919 шықәсазы акьыԥхь абеит аԥсышәала иҭыҵыз раԥхьатәи агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер.
Ажурналистцәа еснагь ихадоу ахҭысқәа ирылагылан. Ҷыдала иҭабуп ҳәа шәаҳәо, иаҳгәалаҳаршәоит аамҭа хьанҭақәа раан имҩаԥыжәгоз аусура. 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аамҭа хьанҭақәа ран, Ҳаԥсадгьыл алахьынҵа аӡбара анымҩаԥысуаз амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа хамеигӡарада ҳажәлари аруааи ирыдгыланы, аибашьра иацу ауадаҩрақәа зегьы рхыргеит. Рыԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылазгьы, аиаша адунеи иаладырҵәон, арепортажқәа мҩаԥыргон, убасала аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәы шьҭырхуан, Аиааира шаҳгоз агәра ҳдыргон.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ахә ҳаракны иршьоит иахьа имҩаԥыжәго аусура, иазгәаҳҭарц ҳҭахуп еснагь аусеицурагьы ҳшазхиоу.
Ҳреспублика амассатә информациа ахархәагақәеи урыстәылатәи амедиасфера ахаҭарнакцәеи русеицура аԥсны-урыстәылатәи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, аԥышәа аимдара, еицырзеиԥшу апроектқәа раԥҵара, Аԥсны Аҳәынҭқарра адунеитә информациатә ҵакыра аларҵәара, аҳәаанырцә ҳҳәынҭқарра обиективла ахаҿра ашьақәыргылара иацхраауеит.
Иҷыдоу аҭакԥхықәра шәара ишәыдуп аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аларҵәареи аус аҿы. Шәара атәыла аинформациатә ԥсҭазаара шәагәылагылоуп, атәылауаа ргәы иҵхо азҵаарақәа шьҭышәхуеит, ареспубликеи уи анҭыҵи имҩаԥысуа ахҭысқәа аашәырԥшуеит.
Ари аныҳәамш аҽны амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа зегьы – аредакторцәа, акорреспондентцәа, аоператорцәа, атехникатә специалистцәа, ажурналистика аветеранцәа ирзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, арҿиаратә гәацԥыҳәара!