Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы Аԥсны иқәынхо аҳәса дрыдныҳәалеит.
Акыр иаԥсоу ҳанацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҩызцәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымшныҳәа!
Иџьашьахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аҳәса, гәацԥыҳәарала иалахәуп аполитикатә, аҭҵаарадырратә, акультуратә, асоциалтә, ауаажәларратә ԥсҭазаара, ахә ашьара уадаҩуп аҳәынҭқарра аҿиараҟны урҭ рлагаламҭа, убри аангьы ааԥсара рзымыдырӡо, гәыблыла иныҟәыргоит анра, андура, аиаҳәшьара.
Ҳаҭыр зқәу аҳәса, Шәара – аҿиара, аизҳара, аԥсҭазаара символра азызуа, шәнапы иануп ахәышҭаарамца мырцәакәа аиқәырхара, аҭаацәаратә ҵас бзиақәа ахшара рылааӡара. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иаашәырԥшуа агәыҭбаареи ахачҳареи рзы, ишәылоу ахаареи агәаӷьреи рзы. Шәара ахаангьы арӷьажәҩаны шәҳадгылан ҳтәыла аԥеиԥш лаша ачаԥараҟны.
Гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, анасыԥ, ишәыгымзааит ааԥын иацны иааиуа аҿара, аԥшӡара, агәыӷра лаша.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
08.03.2026
Поделиться в соцсетях: