НОВОСТИ

 Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара
12.03.2026
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара


Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак аилатәара

Иахьа Апарламент аҿы имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара. Уи мҩаԥигеит аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

Аилак аҟны иалацәажәеит «Ахәқәа рҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара аусхк аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.

Уи аус адулоуп Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аҳәынҭқарратә ҳәаақәҵара зыхәҭоу атауарқәеи амаҵзурақәеи рзы атарифқәа методологиала реиқәыршәареи аус рыдулареи рзы азинмчхарақәа реизакра хықәкыс иҟаҵаны. Ҷыдала, уи иаҵанакуеит анхарҭа-коммуналтә маҵзурақәа рзы атарифқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ӡыла аиқәыршәареи ацрыҵцарҭақәеи рсистемақәа рмаҵзурақәа, агәамсам алгара уҳәа, ахәқәа рҳәынҭқарратә ҭышәныртәалара аганахьала азинмчы змоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хада – Аԥсны аекономика Аминистрра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Абри азакәан апроект иахәаԥшны, Аилак алахәцәа уи актәи аԥхьарала адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара ахь анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Адепутатцәа иара убас ақәҵарақәа рыпроектқәа ирыхәаԥшит:

- Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аԥсныҿықәхьчара» Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аԥсныргылара» иеиҭамҵуа амазара аобиектқәа Аҟәа ақалақь, Беигәаа имҩа, Nº 153 аҟны иҟоу априватизациа ззутәу аобиектқәа рсиа алагалареи уи априватизациа азура аԥҟарақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы»;

– «Аҟәа ақалақь, Искандер имҩа, Nº 143 Лит «Б» иҟоу Аҳәынҭқарратә еилахәыра» «Аԥсныча» Аҟәатәи аҳәынҭқарратә чазауад №º 2 абжьысырҭа ахыбра априватизациа ззутәу аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа алагалареи уи априватизациа азура аԥҟарақәа   рышьақәырӷәӷәареи рахь»;

- «Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥсны еихамҩа " АЦО (атоннел-цҳатә отриад) ахыбра (Гәдоуҭа араион, Лыхны ақыҭа, Гагратәи амҩаду, 5) априватизациа ззутәу аобиектқәа рсиа алагалареи уи априватизациа азура иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы»;

– «Аҳәынҭқарратә еилахәыра Аԥсныргылара «Аҳәынҭқарратә ргыларатә фирма ахыбра » Тҟәарчалргылара» ахыбра (Тҟәарчал ақ., Нарҭаа рымҩа, 16) априватизациа ззутәу аобиектқәа рсиа алагалареи уи априватизациа азура аҭагылазаашьақәа рышьақәырӷәӷәареи рзы".

Аӡбамҭа рыдыркылеит Апарламент асессиа ааигәатәи аилатәараҿы иарбоу ақәҵарақәа рыпроектқәа рышьақәырӷәӷәаразы абжьгара ҟанаҵарц.