НОВОСТИ

Лаша Ашәбеи Алан Гаглоеви ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан
02.04.2026
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәбеи Алан Гаглоеви ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша, Алада Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Алада уаԥстәылатәи аделегациа алахәцәа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Алада Уаԥстәылантәи иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан.

Ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Шергелиа Ҭемыр, Беииа Ҭемыр, Ԥлиа Бадрик, Галуст Трапизониан, аиустициа аминистр Барцыц Анри.

Иахьа Алада Уаԥстәыла Ахада зхадараҿы дыҟоу аделегациа жәларбжьаратәи аекономикатә форум алахәхаразы Аԥсны иаҭааит. Аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Аиҳабыра алахәцәа, Ахада Иадминистрациа ахаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа.