ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
04.04.2026
Поделиться в соцсетях:
Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи адепутатцәеи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум иалахәын
Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалара» аартра рхы аладырхәит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан, Аԥыза-министр Делба Владимир, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Алада Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Реиҳабыра алахәцәа, Урыстәыла арегионқәа жәпакы рнапхгаҩцәа, иааԥхьаз асасцәа.
Афорум официалла аартра аламҭалаз афорум алахәцәеи асасцәеи идырбан Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа ирызку афильм.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра асоциал-економикатә ҿиара ахырхарҭа хадақәа рыла аишәа гьежьқәа фба мҩаԥган.