НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Амшаԥ ныҳәа рыдиныҳәалеит
12.04.2026
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Амшаԥ ныҳәа рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Жәлар Мшаԥы лаша аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны жәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Мшаԥныҳәа лаша!

Иԥшьоу Амшаԥы анцәахаҵареи агәыӷра лашеи ҳазҭо, аус бзиақәа, арыҳаибашьара, агәшаҭара ҳаззырхәыцуа ныҳәа дуӡӡоуп.

   Ари аныҳәа ашәышықәсақәа раахыс ҳажәлар еидызкылоз, рдоуҳамч зырӷәӷәоз, аԥышәарақәа риааираҿы ирыцхраауаз адоуҳатә ҭынхеи атрадициақәеи ирыхәҭакны иҟоуп. Амшаԥы аҽны ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьареи, аԥсуа дгьыл аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи, ареспублика иқәынхо дарбанызаалак игәабзиареи рзы аныҳәарақәа мҩаԥаҳгоит.

Мшаԥныҳәазы ҩнаҭацыԥхьаӡа инеиааит ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа  агәрагара ацны, лашарала, лыԥхала, гәырӷьарала иҭәны.