2026 шықәса лаҵарамза 15 рзы Севастополь ақалақь аҿы имҩаԥысыз Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аӡбамҭа ала, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡбеи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак алахәҩы Леонид Лакербаиеи Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аԥҵара 25-шықәса ахыҵра инамаданы Агәаларшәагатә дырга ранашьоуп.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент, ассоциациатә алахәра азинқәа рыла Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа иалалеит 2005 шықәса цәыббрамза 30 рзы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
18.05.2026
Поделиться в соцсетях: