Севастополь имҩаԥысуеит 44-тәи Алада Урыстәылатәи Апарламенттә Асссоциациа Аконференциа . Аконференциа апрограмма инақәыршәаны амш актәи азбжазы имҩаԥысит иеишьашәалоу аилакқәа реилатәарақәа. Урыстәылатәи Апарламенттә Асссоциациа аилакқәа рылахәцәа ирыдыркылаз аӡбамҭақәа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак ахь инашьҭын Аконференциа апленартә еилатәара амшхәаԥштә апроект алагаларазы.
Аконференциахь инеиз 16 делегациа рхадацәа злахәу Ахеилак аилатәара мҩаԥигеит Владимир Немцев - Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахантәаҩы, Севастополь ақалақь Азакәанԥҵаратә Еизара Ахантәаҩы. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа напхгара азҭоз Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан Ахеилак аилатәара далахәын.
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак аилатәара алахәцәа XLIV Аконференциа апленартә еилатәара амшхәаԥштә аҿы ицәыргаз азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аконференциа амшхәаԥштә еиҿкааны «Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы анашьаразы» азҵаара ианалацәажәа, Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Ахеилак иаӡбеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациаҿы активла, лыҵшәа бзиала аусуразы, апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы алагала ду азы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы ранаршьарц уи иаҵанакуа апарламентқәа Раппаратқәа рдепутатцәеи русзуҩцәеи гәыԥҩык. Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа аҳаҭыртә шәҟәы ранашьоуп Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аслан Лакобеи беслан Емырхәбеи аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура анапхгаҩы Асҭанда тапаӷәуеи. Ахеилак аилатәара алахәылацәа XLIV Аконференциа апленартә еилатәара амшхәаԥштә аҿы ицәыргоу азҵаарақәа ирылацәажәон.
Аконференциа амшхәаԥштә еиҿкааны «Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы анашьаразы» азҵаара ианалацәажәа, ИУРП Ахеилак иаӡбеит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациаҿы активла, лыҵшәа бзиала аусуразы, апарламентбжьаратә еимадарақәа рырӷәӷәараҿы алагала ду азы Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы ранаршьарц уи иаҵанакуа апарламентқәа рдепутатцәеи раппаратқәа русзуҩцәеи гәыԥҩык.
Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Аҳаҭыртә шәҟәы ранашьоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа Аслан Лакобеи Беслан Емырхәбеи Аԥсны Жәлар Реизара апресс-маҵзура анапхгаҩы Асҭанда Тапаӷәуеи.
Ахеилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убас имҩаԥысит Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа Агәаларшәагатә дырга «Алада Урыстәыла зҽаԥсазтәыз апарламентари» анашьареи апарламентбжьаратә усеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа рнапаҵаҩреи.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
14.05.2026
Поделиться в соцсетях: