Лаҵарамза 21 азы Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак инарҭбаау аилатәара. Уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Хәытаба Дауҭ.
Аилатәара рхы аладырхәит Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Шамба Дмитрии.
Аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны адепутатцәа ақәҵарақәа рыпроектқәа ирыхәаԥшит:
«Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Гамсаниа Г. Г.»;
«Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Цәышба М. С.";
«Аҟәа ақалақь аӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Кәарҷиа И. Г. »;
«Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы лалхразы Габеева 3. Г.»;
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Џьопуа К. В.»;
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа имаҵурахьы иалхразы Гагәлиа Д.3.»;
«Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Бжьаниа Е. Иу.»;
«Гәылрыԥшь араионтә ӡбарҭа аӡбаҩ имаҵурахьы иалхразы Агәмаа И. В.».
Аилак иаӡбеит Апарламент асессиа ааигәатәи аилатәараҿы иахәҭоу амаҵурақәа рзы иарбоу акандидатурақәа ашьақәырӷәӷәара рабжьнагарц.
Аилатәара амшхәаԥштә аҳәаақәа ирҭагӡаны адепутатцәа алхратә закәанԥҵара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирыхәаԥшит. Урҭ рылацәажәара рхы аладырхәит Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа хада ахантәаҩы Дмитри Маршьани АКХ егьырҭ алахәцәеи, иара убас аполитикатә партиақәа рхаҭарнакцәеи.
Иахәаԥшит «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи рықәратә ценз аизырҳаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа арҽеирақәа ралагаларазы» Аконституциатә закәан апроект.
2026 шықәса хәажәкырамза 18 рзы актәи аԥхьараҟны ирыдыркылаз азакәан апроект ахәҭаҷ 1 аҿы абас еиԥш ажәалагала ҟаҵан:
1. «Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дҟалар илшоит 33 шықәса зхыҵхьоу, алхратә зин змоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ».
2. «Аԥсны аҳәынҭқарра Ахадас далхзаз ҟалоит милаҭла иаԥсыуоу, 45 шықәса иреиҵам, алхратә зин змоу Аԥсны атәылауаҩ".
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат иқәра аԥсахра иазку ахәҭаҷ 1 апункт 1 ала азакәан апроект аус адулараан адепутатцәа ҩ-рҽеирак аларгалеит. Актәи арҽеирала иарбоу апункт аԥыхзарц ажәалагала ҟаҵоуп, аҩбатәи апункт рыдыргалеит абас: «Аԥсны Жәлар Реизара адепутатс дҟалар илшоит 30 шықәса зхыҵхьоу, алхратә зин змоу Аԥсны атәылауаҩ».
Акраамҭатәи аимак-аиҿаки Аилак алахәцәа имҩаԥыргаз абжьыҭареи ирылҵшәаны актәи арҽеира адгылара арымҭеит. Аилак алахәцәа рыбжьы арҭеит Апарламент азы абжьгара ҟанаҵарц Аԥсны Жәлар Реизара адепутатрахь акандидат изы ақәратә ценз 25 аҟнытә 30 рыла аԥсахра аҩбатәи аԥхьарала иаднакыларц.
Адепутатцәа иара убас ажәалагала ҟарҵеит ахәҭаҷ 1 апункт 2 абри аредакциала аԥсахразы: «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас далырхуеит милаҭла иаԥсыуоу, 40 шықәса иреиҵам, 70 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу Аԥсны атәылауаҩ». Ари арҽеира Аилак алахәцәа реиҳараҩык адгылара арҭеит.
Анаҩс иалацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьауӷатә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект, уи аус адулан алхратә зинқәа русхк аҟны азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәра ҳәаақәызҵо ашьауӷатә закәанԥҵара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны, иара убас атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи алхратә процессқәа зинеилагарала рыҽрылагалара рацәыхьчара хықәкыс иҟаҵаны.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак абжьгара ҟанаҵоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҿы актәи аԥхьарала иарбоу азакәанапроектқәа рыдыркыларц.
Анаҩс адепутатцәа»ихымԥадатәиу аԥгаԥса аусхк аҟны аилагарақәа рзы административтә ҭакԥхықәра ашьақәыргылара ахәҭаҿы аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы"азакәан апроект иахәаԥшит. Иара азырхоуп аԥсны аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аиӷьтәра, аҳәаанырцәтәи ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи аԥсны аҳәынҭқарра азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз атранспорттә хархәагақәа зтәу ртәылауаҩратә ҭакԥхықәра хымԥада аԥгаԥса аҭара аԥҟарақәа реилагаразы административтә ҭакԥхықәра ауснагӡатәқәа рхархәара ахәҭаҿы иҟоу азинтә бжьажь ашьақәыргыларала.
Абжьыҭара алҵшәала Аилак алахәцәа иарбоу азҵаара Апарламент асессиа аилатәараҿы ахәаԥшразы иҵоуроу аӡбамҭа рыдрымкылеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
21.05.2026
Поделиться в соцсетях: