Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
Иахьа, ҳара актәи аԥхын мшы аҽны ахәыҷра ссир, агәыӷра, анасыԥ иамшны иазгәаҳҭоит Жәларбжьаратәи ахәыҷқәа рыхьчара амш.
Ари амш иаҳгәаланаршәоит ахәыҷқәа рааӡараҿы ирыҭатәу аԥхарра, урҭ рыхӡыӡаара, дарбанзаалак аҵара зҭаху, адырра ҿыцқәа риура иашьҭоу ахәыҷы адгылара иҭара шаҟа аҵакы амоу. Изызҳауа абиԥарақәа реиҷаҳара ҳтәылазы аԥсҭазааратә ҵакы змоу, астратегиатә уснагӡатәны иқәгылоу азҵаарақәа раԥхьа игылоуп, уи қәҿиарала аӡбара иалнаршоит ҳҳәынҭқарра аԥхьаҟатәи аизҳазыӷьареи аӷәӷәахареи.
Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ҳтәылауаа хәыҷқәа насыԥ змоу ахәыҷра иалхәдамзарц, арыцҳарақәа рцәыхьчарала аҭынч ԥсҭазаара рзаԥҵазарц, урҭ зегьы хаҭа-хаҭала рыгәҭакқәа рынагӡаразы алшара рымазарц.
Иҭабуп ҳәа расҳәоит ааӡаҩцәа, арҵаҩцәа – ахәыҷқәа аус рыдызуло, руаҩышәатә ҟазшьа бзиақәа рышьақәыргылара иалахәу зегьы. Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәоит ахәыҷқәа бзиабарала, гәцаракра рыҭаны рааӡара знапы алаку анацәеи абацәеи, андуцәеи абдуцәеи.
Абри амш ныҳәа аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ахәыҷқәа зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, ахәыҷра насыԥ, рҭаацәа, рҩызцәа рыгымкәа, аԥсҭазаараҿы зегьы иреиӷьу – ахәыҷра ашықәсқәа гәалашәара лашаны ирзынхарц!
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
01.06.2026
Поделиться в соцсетях: