НОВОСТИ

Аҿар рпарламент адепутатцәа алхуп
02.06.2026
Поделиться в соцсетях:

Аҿар рпарламент адепутатцәа алхуп


Рашәарамза 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аҿар рпарламент адепутатцәа ралхразы иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа акомиссиа аилатәара. Ихадоу хҭысны иҟалеит имаӡоу абжьыҭара алҵшәақәа рыла еиҿкаау аҿар рхаҭарнакратә усбарҭа ҿыц актәи ааԥхьара.
Абжьыҭара иалагаанӡа акомиссиа алахәцәа маӡалатәи абжьыҭара амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит, иалырхит аԥхьаӡаратә комиссиа, уи ахантәаҩыс еицҿакны Далхын Дауҭ Агрба. Акомиссиа иара убас иалалеит Рашьыҭ Аибеи Лана Цаавеи.
Абжьыҭара аихшьалақәа рыла иалхуп 19-ҩык адепутатцәа, урҭ Аҿар рпарламент актәи ааԥхьара иалалоит.

Маӡалатәи абжьыҭара аихшьалақәа рыла иалхуп:

· Аҟәа ақалақь аҟынтә: Аиба Алеқсандр, Арчелиа Сандро, Ашәба Самеи, Хоџьаа Даниил, Шамба Екатерина;

· Аҟәа араион аҟынтә: Минасиан Роберт, Хәарцкиа Аслан;

· Гәылрыԥшь араион аҟнытә: Козловски Даниил, Ҟәланба Саид;

· Очамчыра араион аҟынтә: Асабуа Даур, Ӷәынџьиа Алхас;

· Тҟәарчал араион аҟынтә: Габуниа Аида, Лашәриа Анас;

· Гал араион аҟынтә: Џьумутиа Иракли, Сиргинаа Шьаҳан;

· Гәдоуҭа араион аҟнытә: Агрба Амир, Ҳагба Софиа;

· Гагра араион аҟнытә: Бганба Арифа, Какәбаа Адель