Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа XXIX Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәара иалахәын.
ПЖӘАФ аусура иалахәуп Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра зхадараҿы дыҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа.
Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша напхгара зиҭо апарламенттә делегациа аилазаараҿы иҟоуп Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ашот Миносиан, адепутатцәа Алиса Гәылариа, Алхас Барцыц, Бадрик Ԥлиа, Инар Гыцба.
2007 шықәса раахыс афорум мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иаиҭо ахылаԥшрала, хаҭала иалархәрала.
Владимир Путин апленартә сессиаҟны иқәгылара азкын урыстәылатәии аглобалтәии економикаҿы ихадоу атенденциақәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
05.06.2026
Поделиться в соцсетях: