НОВОСТИ

 Ашәба Лаша Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусбарҭа 20 шықәса ахыҵразы аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит
03.07.2026
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусбарҭа 20 шықәса ахыҵразы аусзуҩцәа дрыдныҳәалеит

  
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусбарҭа 20 шықәса ахыҵра инамаданы анапхгареи аусзуҩцәеи дрыдныҳәалеит.

       Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра хаҭалатәи аилазаареи аветеранцәеи ирыдысныҳәалоит аусбарҭа аԥҵоижьҭеи 20 шықәса аҵреи шәзанааҭтә ныҳәа – Аԥсны Аиқәырхаҩи имш!
        Ари аныҳәа ауаҩы иеиқәырхаразы ашәарҭара аԥылара иацәымшәо ирымшуп. Шәара шәзанааҭ агәымшәареи агәбылреи ахьеицу занааҭуп.  
       Аԥсны Аҷыдатә ҭагылазаашьақәа рминистрра аҭоурых аҿы ирацәоуп хьӡи-ԥшеи змоу, фырхаҵарала иазгәаҭоу адаҟьақәа.
       Аҷыдатә ҭагылазаашьақәа рминистрра аспециалистцәа-аиқәырхаҩцәа қәҿиарала инарыгӡоит иуадаҩу амиссиа, зны-зынлагьы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан адгьыл аҿы акәыз аӡаҿы акәыз, ауаа рыԥшаареи, амцакрақәа рырцәареи   амашәырқәеи аԥсабаратә рыцҳарақәеи рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи раан аԥхьа игылоуп.
      Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы Аминистрра аусура ду мҩаԥнагеит акризистә ҭагылазаашьақәа раан анапхгараҭаратә система аԥҵаразы, акадртәи атехникатәи лшарақәа акырӡа ирызҳаит, рыҽдырӷәӷәеит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ауааԥсыреи аҵакырадгьыли аԥсабаратә, атехногентә ҟазшьа змоу аҭагылазаашьа ҷыдақәа рацәыхьчаразы шәџьабааи жәларбжьаратәи ҳусеицура аҿиараҿы шәлагала дуи, иҷыдоу агуманитартә цхыраарагьы уахь иналаҵаны. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент иҭабуп ҳәа шәанаҳәоит шәмаҵуратә ԥхықәра гәык-ԥсыкала азыҟазааразы.  
       Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиарақәа, анасыԥ!