Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аҟәа ақалақь Амш!
Ари ҳаҳҭнықалақь Аҟәа ахь иҳамоу абзиабарала ҳаидызкыло ныҳәоуп.
Аҳҭнықалақь алахьынҵа ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аҟәа ашәышықәсақәа ирылгәылганы иаанагоит иуникалтәу аҭоурых, акультура, асасдкылара атрадициақәа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш агәрагара.
Иахьа Аҟәа ҳаамҭа иақәшәо иццакны аҿиара иаҿу, даҽакы иаламҩашьо ахаҿреи, аихьӡарақәеи, аԥхьаҟатәи агәҭакқәеи змоу қалақьуп, уи аекономика аҿиара мҩаԥысуеит аҭоурыхи хәы змаӡам акультуратә ҭынхеи реиҷаҳарала, реиқәырхарала.
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аԥсны аҳҭнықалақь адгылара азҭо зегьы аԥыжәара змоу ҳаамҭазтәи апроектқәа рынагӡараҿы!
Агәра ганы ҳаҟоуп аҟәаа есқьынгьы бзиабарала, гәыблыла рықалақь разыҟазаара иабзоураны аԥхьаҟагьы уи аизҳазыӷьара шалыршахо.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Аҟәа ақалақь Аизареи рыбжьара ишьақәгылаз аусеицура аринахысгьы ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь аҿиара иазку азакәанԥҵаратә база аиӷьтәра иацхраауеит.
Иҿиалааит, иеизҳазыӷьалааит есааира ҳаҳтнықалақь Аҟәа!
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
05.07.2026
Поделиться в соцсетях: