ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
10.07.2026
Поделиться в соцсетях:
Апарламент Ахантәаҩы Аҿар Рпарламент адепутатцәа злахәыз аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аҟны еиҿкаау Аҿар Рпарламент адепутатцәа злахәыз аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит.
Апарламент Ахантәаҩи Аҿар Рпарламент актәи ааԥхьара адепутатцәеи еибадырит. Актәи аилатәара аҽазыҟаҵареи аҿартә хаҭарнакратә усбарҭа ҿыц аусура алагареи ирыдҳәалоу аиҿкааратә зҵаарақәа рылацәажәара мҩаԥысит.
Аиԥылара иалахәын Жәлар Реизара адепутатцәа Рашида Аиба, Инар Саӡба, Винори Бебиа, Аҿар Рпарламент адепутатцәа ралхразы акомиссиа иалаз Ауаажәларратә палата ахаҭарнакцәа Лана Цаава, Дауҭ Агрба, иара убас Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Аиԥылара иалахәыз Аҿар Рпарламент адепутатцәа ирыдныҳәалеит, русураҿы ақәҿиарақәа рзеиӷьаршьеит.
Аҿар Рпарламент ахықәкы хадақәа иреиуоуп аҳәынҭқарратә ҿартә политика анагӡара ацхыраара аҭара, аҿар атәыла ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара ралархәра, абиԥара ҿа рзинқәеи ринтересқәеи ирыҵаркуа азҵаарақәа рзы ажәалагалақәа разырхиара.
18-30 шықәса зхыҵуа 19-ҩык адепутатцәа злахәу актәи ааԥхьара еиҿкаан 2026 шықәса рашәарамза 2 рзы аицлабратә лыԥшаара аихшьалақәа рыла, уи иалахәын ареспублика еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә 63-ҩык.