НОВОСТИ

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
23.07.2026
Поделиться в соцсетях:

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит


Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш !
Аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы ихадоу хҭысны иҟалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет «Аԥсны аҳәынҭқарра асимволика ҿыц азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара амш.

1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби шьақәырӷәӷәан.
Ҳтәыла абираҟ уи аҭоурых ду ацны иаауеит, иаанарԥшуеит аԥсуа жәлар рмилаҭтә хаҽреи рҳәынҭқарра аҿиаразы ирымоу агәазыҳәареи. Абираҟ Аԥсны жәлар рзы илахьынҵаӡбаганы иҟаз амилаҭ-хақәиҭратә қәԥареи 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи раан урҭ аӡәыкны реидгылареи ирсимволуп. Аҳәынҭқарратә бираҟ ҳара ҳзы агәымшәареи, аиашареи, аиааиреи ирхаҿроуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ, агерби агимни инарываргыланы, ҳҳәынҭқарра асуверенитет аанарԥшуеит, уи адунеи аҟны егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы иазхарҵоит.  

Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, аманшәалара, ҳҳәынҭқарра Абираҟ иаҵагылоу ақәҿиарақәа!  

Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы ирзеиӷьаҳшьоит аҭынчра, аҿиара, аизҳара! Хьӡи-ԥшеи агымзааит наунагӡа Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ!