НОВОСТИ

 Апарламент аҿы Хәытаба Дауҭ ихантәаҩрала имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара
28.07.2026
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҿы Хәытаба Дауҭ ихантәаҩрала имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы Хәытаба Дауҭ ихантәаҩрала имҩаԥысит Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәара. Уи иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Ахада Ихаҭарнак Шамба Дмитри, Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Быҭәба Саида, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Қьышьмариа Анас, Аԥсны Ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Џьынџьал Мактина, Гал араион Ахада Ԥлиа Константин, Ауаажәларратә палата, Апрокуратура, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра рхаҭарнакцәа уҳәа аилатәарахь иааԥхьаз.  

Аилатәара алахәцәа атәылауаҩратә ӡбареиҿкаара аиӷьтәра иазынархоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә процессуалтә Закәанеидкыла ахарҭәаарақәа ралагаларазы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак алахәцәа еицҿакны иарбоу азакәан апроект аҩбатәи аԥхьарала адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа ааигәатәи аилатәарахь анагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәыҷқәа рынхарҭа ҭыԥи   (мамзаргьы) аӡбаратә ӡбамҭа азакәанмчра аиуаанӡа аҭаацәаратә зинқәа рынагӡара аԥҟареи рышьақәыргылара азҵаарақәа рыхәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект иалацәажәеит.

Азакәан апроект авторцәа ргәаанагарала, уи адкылара иалнаршоит зықәра намӡац рзинқәа аҳәынҭқарратә хьчара рыҭара арӷәӷәара, аӡбаратә процесс аан аҭаацәа реимак аҩаӡара аларҟәра, ахәыҷы иԥсихологиатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалара алыршара. Аилацәажәара ашьҭахь адепутатцәа ирыӡбеит иарбоу азакәан апроект асессиа изаамҭанытәу аилатәараҿы ахәаԥшреи аҩбатәи аԥхьарала адкылареи рзы абжьгара ҟарҵарц.

Анаҩс иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа Ахантәаҩи, Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩи, Аԥсны Аҳәынҭқарра Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Ахантәаҩи рмаҵуратә уалафахәқәа рышьақәыргыларазы» азакәан апроект. Уи азырхиоуп аӡбаҩцәа рматериалтә еиқәыршәареи рмаҵуратә уалафахәқәа рышәагаа азинтә ҭышәныртәалареи иазку аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵараҿы ибжьажьны иҟоу аԥыхра хықәкыс иҟаҵаны. Аилацәажәара аихшьалақәа рыла адепутатцәа ирыӡбеит иарбоу азакәан апроект актәи аԥхьарала адкыларазы асессиа изаамҭанытәу аилатәараҿы ахәаԥшразы инаргарц.

Аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшит Аатәылауаҩратә ҭагылазаашьа актқәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект, уи азырхиан аԥсуа милаҭреи аԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара азҵаарақәа рзинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны.
Азакәан апроект ала ажәалагала ҟаҵан ахаҿқәа иҿыцу ркатегориазы —  Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу (абаза) атәым тәылауаа, иара убас XIX–XX ашәышықәсақәа раан имҩаԥысуаз аԥсуаҿагыларатә милаҭтә политика иалҵшәаны аԥсуа милаҭра зцәыӡыз рхылҵшьҭра иашақәа рзы аԥсуа милаҭреи ажәлеи реиҭашьақәыргылара азин рыларҵәаразы —ажәалагала ҟаҵоуп.

Аилак аӡбара аднакылеит иарбоу азакәанапроектқәа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәу аилатәарахь инаргарц актәи аԥхьарала рыдкыларазы.