НОВОСТИ

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа Иира амш идиныҳәалеит
14.08.2026
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа Иира амш идиныҳәалеит

Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа Иира амш идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Зураб-иԥа Иира амш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

                                                                      
«Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа!

  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала, хаҭала сара сыхьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира Амш!

Аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә маҵурақәа рҿы имҩаԥыжәго аусура ашықәсқәа рыҩныҵҟала Шәара ҳреспублика аҩныҵҟеиԥш, уи анҭыҵгьы аҳаҭырқәҵара шәаԥсахеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵураҟны шәыҟазараан Шәара иаашәырԥшуеит раԥхьа иргыланы амилаҭтә интересқәа шәышрыдгыло, ишәыду амиссиа ҭакԥхықәрала шәшазыҟоу. Шәара шәымч-шәылшара, шәԥышәа,  ареспублика асоциал-економикатә ҿиара алыршаразы аҳәынҭқарратә уснагӡатәқәа рыӡбара иазкуп.
Агәра згоит Шәара шәусура аԥхьаҟагьы аекономикеи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, асоциалтә политикеи русхк аҟны аҳәынҭқарратә институтқәа рырҿиара, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи уи жәларбжьаратәи аҳаҭыр арӷәӷәареи ишрызкхо.

Ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра,   аихьӡара ҿыцқәа Ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусураҿы!».