НОВОСТИ

Нанҳәамза 14 – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирымшуп
14.08.2026
Поделиться в соцсетях:

Нанҳәамза 14 – Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирымшуп

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш азы Аԥсны жәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Акыр иаԥсоу 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа!  


1992 шықәса нанҳәамза 14 ҳҳәынҭқарра аҭоурых ианылеит илахьеиқәҵаганы, 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз иамшны.

Ҳаԥсадгьыл бџьарла иеиқәных иақәлеит ақырҭуа ар, аха урҭ хацәнмырха ирҿагылеит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхьчаразы игылаз милаҭрацәала Аԥсны жәлар. Аибашьра ҳажәлар арыцҳара, ахьаа рзаанагеит, аха уи ргәы канамыжьит, ихьамҵит, Ҳаԥсадгьыл рыхьчеит.

Аамҭа цацыԥхьаӡа Ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшыз афырхаҵара есааира иаҳныруеит, уи аҵакы иазҳауеит. Урҭ иаҳзааргаз аҭынч ԥсҭазаараҟны абиԥара ҿыцқәа ииуеит, иеизҳазыӷьоит зхы иақәиҭу атәылаҟны, рхатәы бызшәа, рмилаҭтә хаҿра, ркультура аиқәырхаразы алшара рымоуп.

Иахьа, Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рымш азы ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, хабарда ибжьаӡыз, аибашьра ашьҭахьгьы зыԥсҭазаара иалҵыз ҳаибашьцәа зегьы. Урҭ рфырхаҵара хашҭра амаӡам, агәымшәареи, ахачҳареи, Аԥсадгьыл абзиабареи ирсимволны ҳгәалашәараҿы инхоит наунагӡа. Абиԥара ҿыцқәа рзы аибашьра аветеранцәа иаадырԥшыз Аԥсадгьыл абзиабара ҿырԥшыганы иҟазаауеит есқьынгьы.

Хьӡи-ԥшеи рыгымзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчаҩцәа!