Нанҳәамза 26 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара иамшуп.
Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымра жәларбжьаратәи азхаҵара амш!
Ари амш ҳтәыла аԥеиԥш лаша хьаҳәа-ԥаҳәарада агәра ҳзырго мшуп.
2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа исуверентәу, ихьыԥшым ҳәынҭқаррак аҳсабала Аԥсны Аҳәынҭқарра азхаҵаразы иаднакылаз илахьынҵаӡбагоу аӡбамҭа Аԥсны жәлар ргәазыҳәара шьаҭас иаман, ҳтәыла ҭынч мҩала аҿиаразы уасхыр ӷәӷәангьы иаиуит.
Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иҟаҵаз ари ашьаҿала Аԥсны аҭоурых аҿы аамҭа ҿыц хацыркхеит, аиҭакрақәа ираамҭаны иҟалеит. Аԥсуа жәлар шәышықәсалатәи рыгәҭакы наӡеит.
Ҳреспублика ахьыԥшымра азхаҵара жәларбжьаратәи апозициа арӷәӷәеит, аҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵеит, ашәарҭадара аҩаӡара шьҭнахит, асоциал-економикатә усхк аҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рзы алшарақәа реизырҳара алнаршеит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Урыстәылатәи Афедерациа иааиԥмырҟьаӡакәа иҳанаҭо адгылара.
Хыԥхьаӡара рацәала аԥышәарақәеи аԥсыҭбарақәеи рыхҭынҵарала ҳажәлар иалдыршаз ахьыԥшымра ҳара иҳаднаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥеиԥш азы иҳаду аҭакԥхықәра азхәыцра, ҳаҵамхакәа аныҟәгара.
Иҿиалааит, иӷәӷәахалааит аринахысгьы ҳҳәынҭқарра, еицакра ақәымзааит ахақәиҭреи ахьыԥшымреи. ́
Ҽааныбзиала шәнеилааит, акыр иаԥсоу аҩызцәа!
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
26.08.2026
Поделиться в соцсетях: