НОВОСТИ

Валентина Матвиенко Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдылныҳәалеит
29.09.2026
Поделиться в соцсетях:

Валентина Матвиенко Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш рыдылныҳәалеит


Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҳәынҭқарратә ныҳәа – Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш идылныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.

Аԥсны атәылауаа рзы ари амш – жәлар реидгылареи, рхачҳареи, ргәымшәареи ирсимволуп, акрызҵазкуа ҭоурыхтә хҭысуп, абри амш инаркны ихацыркуп исуверентәу хра злоу асоциал-економикатәи акультуратәи ҿиаразы аҳәынҭқарратә хырхарҭа.

Гәахәарыла иазгәаҳҭоит аԥсуа ҳәынҭқарра аргылара аус аҿы аихьӡара дуқәа, аусхкқәа зегьы рҿы Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаиҩызаратә еимадарақәа рыҿиара. Арҭ апроцессқәа рҿы алагала ду ҟанаҵоит ҳзакәанԥҵаратә усбарҭақәа активла конструктивла русеицура.

Ишәзеиӷьасшьоит шәәколлегацәеи Шәареи аҭакзыԥхықәу аус аҿы ақәҿиарақәа, Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа – аҭынчреи аизҳазыӷьареи".