ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
29.09.2026
Поделиться в соцсетях:
Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Апарламент аделегациа дырԥылеит
Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш иазку аныҳәақәа инарымаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭааз Алада Уаԥстәыла Апарламент аделегациа дырԥылеит.
Аделегациа далахәын Алада Уаԥстәыла Апарламент Амандаттә комиссиа ахантәаҩы Ибрагим Харебов - аделегациа анапхгаҩы, Адепутаттә етиказы акомиссиа ахантәаҩы Александр Гассиев, Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Аԥхьаӡаратә комиссиа ахантәаҩы Инал Цховребов.
Аиԥылара иара убас иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Асҭамыр Џьопуа, Ерик Рштуни, Ешсоу Дочиа, Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи Амчнаӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Асҭамыр Кациа.
Асасцәа рахь ихы нарханы, апарламент Ахантәаҩы иҭабуп ҳәа реиҳәеит ас еиԥш аҵакы змоу аҳәынҭқарратә ныҳәа аԥсуа жәлар ирыцеиҩыршарц азы Аԥсны Аҳәынҭқарра раҭааразы. Иҳәеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа аринахысгьы ишыӷәӷәахо, ишыҿиало азы агәра шиго.
Алада Уаԥстәыла Апарламент адепутатцәа аԥснытәи рколлегацәа аныҳәа рыдырныҳәалеит, Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Алада Уаԥстәыла Апарламент Ахантәаҩы Алан Маргиев иҟынтә адныҳәаларатә шәҟәы ирҭеит.
Аиԥылараан аганқәа иазгәарҭеит ареспубликақәа рпарламентқәа рдепутатцәа рыбжьара аизыҟазаашьа ԥхақәа шышьақәгылаз, инаҵшьны иазгәарҭеит апарламентбжьаратә усеицура анаҩстәи арӷәӷәара аҵак ду шамоу.
Аиԥылара хыркәшахеит итрадициатәу аҳамҭақәа реимдарала.