ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
04.11.2026
Поделиться в соцсетях:
Апарламент Ахантәаҩы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгаҩцәа урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә ныҳәа – жәлар ракзаара Амш рыдиныҳәалеит.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала иҟаҵаз адныҳәалараҿы, ҷыдала иаҳәоит:
«Урыстәыла аҭоурых афырхаҵаратә даҟьақәа зныԥшуа акрызҵазкуа ари амш инаҵшьны иазгәанаҭоит ауаажәларра реидкылара, милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи аҳәынҭқарра акультуратә, адоуҳатә, аҭоурыхтә традициақәа реиқәырхара ароль.
Ҳажәларқәа рыбжьара азеиԥш ҭоурых ала еибарку аиҩызара аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы уасхырны иҟоу».
Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин лахь ихы нарханы Ашәба лаша иҳәеит:
«Урыстәылатәи ажәлар ракзаара, рпатриотизмра, рабдуцәа рытрадициақәа гәык-ԥсыкала рзыҟазаара, атәыла ду асуверенитети ахьыԥшымреи реиқәырхаразы иарбанзаалак аҭоурыхтә ааԥхьарақәа риааиразы ирымоу алшара Урыстәыла апозициақәа қәҿиарала рыҿиареи рырӷәӷәареи рзы шьаҭа ӷәӷәаны иҟоуп.
Урыстәылатәи Афедерациа иадҳәалоу азеиԥш ҭоурыхи, иҿио аидгыларатәи апартниортәи еизыҟазаашьақәеи рыла Аԥсны Аҳәынҭқарразы ҷыдала аҵак ду рымоуп акзаареи наҟ-ааҟтәи адгылареи. Сгәы иаанагоит ҳалшарақәа еидҵаны еицаҳзыфеидоу апроект ҿыцқәа рынагӡара аус ишацаҳҵо».
Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Афедерациа Ахеилак алахәцәеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи агәабзиара ӷәӷәеи аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәеи рзеиӷьеишьеит.
Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рыхьӡала Ашәба Лаша иара убас адныҳәаларақәа изишьҭит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков. «Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит аиҩызаратә аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәеи урыстәылатәи адипломатиатә миссиа ҳадгылареи ҳастратегиатә усеицуреи рырӷәӷәараҿы инанагӡо арольи» – ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәаҿы.