Абҵарамза 4 рзы Апарламент аҿы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак аилатәара, уи мҩаԥигеит Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.
Аилатәара амшхәаԥштә аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшит «Абџьар азы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект, уи аус адулоуп анхаразы азин шьаҭас иҟаҵаны иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа инхо аҳәаанырцәтәи атәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи атәылауаҩратә гәыцәеизада згәыцәауу абџьар аахәареи аҵәахреи ирыдҳәалоу аизыҟазаашьақәа рзинтә ҭышәныртәалара аиӷьтәра хықәкыс иҟаҵаны.
"Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит иарбоу ахаҿқәа азакәанԥҵара ишьақәнаргылаз аҭахрақәа ирықәныҟәаны ҷыдала атәылауаҩратә агәыцәеизада ду змоу абџьар аахәара алыршара, арзаҳал ала адҵаалара аныҟаҵаз амш иаԥхьанеиуа жәашықәса иреиҵамкәа Аԥсны иахьаҵанакуа иааиԥмырҟьаӡакәа анхаразы аҭагылазаашьақәагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа аҳәоит аилыркаагатә нҵамҭаҿы.
Ицәыргоу азакәан апроект алацәажәара рхы аладырхәит Апарламент адепутатцәа, Аԥсны ААП аиҳабы Баҭал Агрба, АԤСНЫ ААР УОБ аиҳабы Лоу Инал-иԥа, аԥсны ашәарыцаҩцәа Реилазаара ахаҭарнакцәа.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла адепутатцәа иарбоу азакәан апроект актәи аԥхьарала адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагара азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
04.11.2026
Поделиться в соцсетях: