Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша ААТЕ Адиректор хада Ирина Агрбеи аколлективи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аԥҵара амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Ирина Шьоҭа-иԥҳа! Ҳаҭыр зқәу Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы, иеиуеиԥшым ашықәсқәа раан шәколлектив аҟны аус зуаз зегьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телехәаԥшра аԥҵара амш!
1978 шықәса абҵарамза 6 рзы Аԥснытәи ателехәаԥшра раԥхьатәи адырраҭара аефир ахь ацәырҵра аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иузаҟәымҭхо иадҳәалоу ҭоурыхтә хҭысуп. Амилаҭтә телехәаԥшра аԥҵареи ашьақәгылареи аԥсуа традициатә культура аизҳареи аԥсуа бызшәа аиқәырхареи зныԥшыз акрызҵазкуа етапны иҟалеит.
Иҭабуп ахҳәаауа, иаҳгәалаҳаршәоит Аԥсуа телехәаԥшра ахыҵхырҭаҿы игылаз, ареспублика ателехәаԥшратә информациатә еиуыжьра аԥызҵоз зегьы рлагала иамоу аҵак ду.
Ҳара иаҳгәалашәоит аибашьра ашықәсқәа раан ҳреспублика ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ақәԥараҟны иҭахаз ателехәаԥшра аусзуҩцәа, зыԥсҭазаара иалҵыз ҳтәыла ателехәаԥшра аҿиараҿы зылшамҭақәа дуу шәколлегацәа – аветеранцәа зегьы.
Аԥсуа телехәаԥшра аколлектив аҿы аус руан, иахьагьы аус руеит арҿиаратә баҩхатәра злоу, згәы былуа, ауаажәларра рҿаԥхьа зҭакԥхықәра еилызкаауа, атәыла алахьынҵа иазхәыцуа ауаа. Шәара ишәаҩшәыжьуам аинформациатә усура иадҳәалоу ҳаамҭазтәи атенденциақәеи азнеишьақәеи, актуалреи ахаҭабзиареи шәара шәзы апрофессионализм еснагь шәага-загақәаны иҟан.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аколлектив аҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхара иацхраауа, апозициақәа рӡыргареи рырӷәӷәареи рзы иҟанаҵо рацәоуп. Шәара шәаԥхьа иҟаз – еицырдыруа ажурналистцәа, акорреспондентцәа, аредакторцәа, аиҭагаҩцәа, апублицистцәа рырҿиаратә традициақәа еихаҳауа иаажәгоит.
Акыр иаԥсоу аҩызцәа, ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә гәацԥыҳәареи ақәҿиара ҿыцқәеи, агәабзиара, агәамч, анасыԥ рыгымзааит дасу шәыҩнаҭақәа».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
06.11.2026
Поделиться в соцсетях: