НОВОСТИ

Апарламент аҟны имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
09.11.2026
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны имҩаԥысит Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара

Абҵарамза 9 рзы имҩаԥысит Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аилак инарҭбаау аилатәара.

  Аилатәара иалахәын Апарламент Ахантәаҩы, адепутатцәа, Апарламент аҟны Ахада ханҭарнакра изызуа Дмитри Шамба, Аԥыза-министр Ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, афинансқәа рминистр Саид Гәбаз, аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб, ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Едгар Бениа, уи ихаҭыԥуаа Баҭал Гәлиеи Еснат Лакербаиеи, аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

Аилатәара алахәцәа «Ашәахтәқәҵара апатенттә системазы» азакәан апроект иахәаԥшит.
Иара убас адепутатцәа ахәаԥшит уи иадҳәалоу «Ашәахтәқәҵара апатенттә системазы " Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан» адкылара инамаданы азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект, асинхронизациеи аус зуа Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иҿыцу ихадоу азакәан аԥҟарақәа ирықәшәо аҟаҵареи хықәкыс иҟаҵаны иазырхиоу. Аилак азыӡба аднакылеит изхәаԥшыз азакәан апроектқәа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәарахь анагаразы, аҩбатәи аԥхьараан ирыдыркыларц азы.

Анаҩс адепутатцәа алацәажәеит, иагьырыӡбеит Апарламент асессиа ааигәатәи аилатәараҿы «Залагалареи зыҭиреи иназыцҵоу ахәԥсазы ашәахтәқәҵара иаҵанамкуа афатә аалыҵқәа реиқәыԥхьаӡа ақәшаҳаҭхаразы» Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара ашьақырӷәӷәаразы Апарламент абжьгаразы азыӡба.
Аилатәара амшхәаԥштә аҳәаақәа ирҭагӡаны иахәаԥшит «2027 шықәсазы иаку аҳәынҭқарратә ԥара-кредиттә политика ахырхарҭа хадақәа рзы» ақәҵара апроект.

Аилацәажәара далахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк ахантәаҩы Беслан Бараҭелиа. Аилацәажәара аихшьалақәа рыла аилак азыӡба аднакылеит иарбоу ақәҵара апроект адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәарахь анагаразы.