Иахьа Венори Бебиа ихантәаҩрала Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы имҩаԥысит акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзы Аилак аилатәара.
Аилак аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәеи Ареспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Жәлар рымч» ахантәаҩы Ҭемыр Надараиеи.
Амшхәаԥштә инақәыршәаны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы " азакәан апроект. Азакәан апроект азырхиоуп аԥсуа ҳәынҭқарра ашьақәгылареи, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра арӷәӷәареи, аԥсуа жәлар рмилаҭтә интересқәа рыхьчареи рҿы злагала дуу Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба игәалашәара анаунагӡатәра хықәкыс иҟаҵаны.
Азакәан апроект ала ажәалагала ҟаҵоуп лаҵарамза 14 арыцхә – Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Арӡынба В.Г. Иира амш, «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 4 ала ишьақәыргылоу аныҳәатә усуратә мшқәа рсиа ахарҭәааразы.
Аилацәажәара ашьҭахь Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҿы иарбоу азакәан апроект актәи аԥхьарала адкылара рабжьгаразы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
13.11.2026
Поделиться в соцсетях: