Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лашеи еицырдыруа урыстәылатәи аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩ, Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат Сергеи Бабурини реиԥылара.
Сергеи Бабурин Аԥсныҟа дымҩахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа 10-шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа инарымаданы.
С. Бабурин аԥсшәа иаҳәо, Ашәба Л. иҳәеит: «Гәахәарыла бзиала шәаабеит хәа шәаҳҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны, Аԥсны Апарламент аҟны. Шәара шәзы ҳпарламент акыр шықәса раахыс ишәызгәакьоу ҭыԥуп. Шәара еснагь ҳтәыла адгылара ашәҭон, иахьагьы ус ҟашәҵоит. Ҳара ибзианы иаҳгәалашәоит ҳреспублика ашьақәгылараҿы, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа реиԥш, иааидкыланы атәылагьы азинқәеи азакәантә интересқәеи рыхьчараҿы шәлагала. Ҳара ҳаҭырла ҳазшәыҟоуп, ари адепутатцәеи ҳтәыла анапхгареи рыдагьы, ҳтәылауаа зегьы ргәаанагара ауп».
С.Бабурин Апарламент Ахантәаҩы иажәақәа абас рхиҳәааит: «Сара ииашаҵәҟьаны ахә ҳаракны исшьоит 34 шықәса раԥхьа сызҭааз, избаз Аԥсны, арҭ ажәашықәсақәа зегьы баша аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ракәымкәа, аиуаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара сҽазысшәон. Иҭабуп ажәа бзиақәа рзы. Сара, Лаша Нугзар-иԥа, адепутаттә корпус зегьы аманшәалареи ақәҿиарақәеи азеиӷьасшьоит, избанзар хра аманы аус зуа азакәанԥҵаратә усбарҭа иадҳәалоуп ауаажәларра рҭышәынтәалара, избанзар Апарламент ауааԥсыра рколлективтә гәаԥхара аазырԥшуа акоуп».
Аиԥылара иара убас далаихәын Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Галуст Трапизониан.
Аиԥылара традициала аиҩызаратә цәаҩа аманы имҩаԥысит.
ПОПУЛЯРНОЕ