ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
26.11.2026
Поделиться в соцсетях:
Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!
Абҵарамза 26 рзы иазгәаҳҭоит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа шьақәнарӷәӷәеижьҭеи 32 шықәса аҵра. Аконституциа адкылара 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аԥсны жәлар иргаз Аиааира шьақәзырӷәӷәаз акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит. Азакәан хада Аԥсуа ҳәынҭқарра азиндырратә уасхырны иазышьҭаҵан, уи аԥышәара хьанҭақәа рышьҭахь зхьыԥшымра рылазҳәаз аԥсуа жәлар ргәазыҳәара аанарԥшит.
Аконституциа ареспублика аполитикатәии аекономикатәии система шьаҭас иамоуп. Уи адкыларала адунеитә уаажәларраҿы аекономикатә, асоциалтә, акультуратә ҿиаразы иамоу алшара назыгӡо зинтә ҳәынҭқаррак аҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра апозициақәа арӷәӷәеит. Аконституциа амчхара амахәҭақәа зегьы русуразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит, Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥхьаҟагьы арӷәӷәара, уи асуверенитет ашьақәырӷәӷәара, ҳтәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчара алнаршоит.
Иахьа ҳара иаҳуалуп Аконституциа ирыланаҳәаз хра злоу аԥҟарақәа рыхьчара. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа азинтә ҳәынҭқарразы имҩақәҵаганы, уи аҭышәынтәалара алзыршо акәны иҟазааит иахьагьы уаҵәгьы.
Ишәзеиӷьасшьоит зегьы агәабзиара, аихьӡарақәа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Л.
2026 ш. абҵарамза 26