НОВОСТИ

Апарламент аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа: Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә системаҿы иааннакыло аҭыԥи аҵаки» атемала аишәа гьежь
25.11.2026
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа: Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә системаҿы иааннакыло аҭыԥи аҵаки» атемала аишәа гьежь

Абҵарамза 25 ззы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш иазкыз аишәа гьежь «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа: Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә системаҿы арольи аҵаки».

Уи рхы аладырхәит Аԥсны Жәлар Реизара I ааԥхьара адепутатцәа: Олег Дамениа, Валери Кәарҷиа, Геннади Аламиа, Давид Ԥлиа, Сергеи Шамба, Иара убас Жәлар Реизара Ахантәаҩы – Аԥсны Жәлар Реизара III, IV ааԥхьарақәа Нугзар Ашәба, V ааԥхьара адепутат Баҭал Тапаӷәуа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиаԥҳа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аекономикеи азини ринститут адиректор Фатима Камкиаԥҳа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмч змоу Анас Кьышьмариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны иҟоу Аҿар рпарламент адепутатцәа Самеи Ашәбеи Алхас Ӷәынџьиеи.

Аилатәара аатит Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн анагӡарала.
Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша аиԥылара аартуа, аишәа гьежь алахәцәа бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит: «Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, актәи ааԥхьара адепутатцәа, еиуеиԥшым ааԥхьарақәа рхантәаҩцәа; иреиҳаӡоу аӡбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аҭҵаарадырратәи азиндырратәи еилазаара ахаҭарнакцәа!
Гәык – ԥсыкала бзиала шәаабеит ҳәа шәасҳәоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҿы, ишәыдысныҳәалоит ҳҳәынҭқарра Азакәан Хада Аконституциа адкылара 32 шықәса ахыҵра амш».

Лаша Ашәба иқәгылараҿы ҷыдала иҳәеит: «1994 шықәса абҵарамза 26 арыцхә ҳазхьаԥшцыԥхьаӡа, уи аҭоурыхтә шьаҿа амҽхак, иамоу аҵакы ҩаԥхьа еилаҳкаауеит.
Шәааи гәаныла 1994 шықәсазтәи абҵарамза ҳазыхынҳәып. Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира ргеижьҭеи шықәсык маҷк инеиҳаны иҵит. Атәыла еилаԥыххаа ишьҭан, аекономика шьаҽын, аԥхьа аблокада хьанҭа ҳзыԥшын. Аамҭакала еилаҳаит ишьақәгылаз аԥсҭазаашьа - асовет система аҟынтә амчрақәа реихшара апринципи аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәеи рахь ҳаиасыр акәхон.


Убри аан ареспублика қәыԥш адәныҟатәи ақәыӷәӷәара ду аман. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ахылаԥшрала аибашьра ашьҭахьтәи аиҿцәажәаратә процесс уадаҩ аан шамахамзар адәныҟатәи акторцәа зегьы — ҳоппонентцәа рымацарагьы ракәмызт иаартны аԥсуа Конституциа адкылара иаҿагылоз. Аҩныҵҟагьы агәҽанҵарақәа ҟазҵоз ыҟан: аӡәы уи ашьаҿа аиҿцәажәарақәа еиԥнарҟьар ҳәа дшәон, даҽаӡәы аус аҵыхәтәанынӡа анагара шалшоз агәра игомызт. Ахырԥара иацын алегитимтә ҵаҵӷәы ӷәӷәа ыҟамкәа азинтә вакуум аҿы аҟаларазы ашәарҭара.

Абас еиԥш иуадаҩыз аамҭазы ауп ихадоу ароль анынарыгӡаз ҳзакәан Хада ахыҵхырҭаҿы игылаз иаадырԥшыз аполитикатә гәазыҳәареи, агәымшәареи, аҳәынҭқарратә ҟәыӷареи».
Ашәба Л. Аконституциа аусуреи адкылареи иалахәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит: «Раԥхьа иргыланы ҳара ҳаҭыр дула даҳгәалаҳаршәоит 1992 шықәса мшаԥымзазы раԥхьатәи аконституциатә комиссиа аԥшьызгаз, Аиааира ашьҭахь Азакәан хада аус адуларазы уи акәша-мыкәша ареспублика ахшыҩҭрақәа еидызкылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Ҷыдала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп –  ажәаҩатәи ааԥхьара Иреиҳаӡоу Асовет адепутатцәа, ҳпарламент актәи —  «ахьтәы» ҳәа ззаҳҳәо ааԥхьара. Шәара ааԥсарада аус жәуан, зны-зынла аибашьра ашьҭахьтәи Аҟәа абзазаратә ҭагылазаашьа хьанҭақәа раан, иҵару, апринципра злоу аимак-аиҿакқәа рҿы статиацыԥхьаӡа еиӷьтәуа, аамҭалатәи адокумент акәымкәа, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аибаркыра ӷәӷәа аԥҵаразы. Уи шәылшеит шәара.

Иахьа ҳара  иҭабуп ҳәа раҳәо иаҳгәалаҳаршәоит зусура ду Аконституциа атекст шьаҭас иаиуз аиқәыршәаҩцәеи азиндырыҩцәеи зегьы, Урҭ рӷьырак, рыцҳарас иҟалаз, рыԥсҭазаара иалҵхьеит, аха рџьабаа еицакрада Аԥсны Аҳәынҭқарра амаҵ аура иазкхеит.

Шәыгәҭакы шаҟа ахара ахәыцра аныԥшуаз шьақәнарӷәӷәеит аамҭа ахаҭа. 1999 шықәсазы Жәларзегьтәи ареферендум аҟны иаиуз жәларызегьтәи ақәшаҳҭхара Ҳконституциа Аԥсны Аҳәынҭқарра азинтә тәылауаҩшәҟәны, аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Акт шьаҭас иаиуыз, 2008 шықәсазы ҳтәыла жәларбжьаратәи азхаҵаразы уасхырны иазышьҭаҵахеит».
  
Еизаз рахь ихы нарханы инаҵшьны иазгәеиҭеит: "Аԥсны Апарламент еснагь иаартыз ҭыԥны иҟан, иагьаанхоит ҳтәыла аԥеиԥш азы ламысцқьала, профессионалла, ҵакы змоу аицәажәаразы. Агәра ганы сыҟоуп иахьатәи аимак-аиҿак ԥасатәи аԥышәа даҽазныкгьы азхәыцра шалнаршо.
Зегьы иаҳзеиӷьасшьоит хра злоу аусура, ҳажәлари Ҳаԥсадгьыли — аҭынчра, аҳәоуеиқшәара, азинтә ҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара».

Аусмҩаԥгатә иалахәыз рықәгыларақәа рҿы Аконституциа аԥсахрақәа ралагалара аганахьала ргәаанагарақәа рҳәеит. Аус зуа азакәанԥҵара аиӷьтәра азҵаарақәа рылацәажәараан еизаз зегьы ргәаанагарақәа еиқәшәеит иарбанызаалак аиҭакрақәа аҭҵаарадырратә знеишьа ахархәарала, иазхәыцны, аҳәынҭқарратә политика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирықәыршәаны имҩаԥгатәуп ҳәа еибырҳәеит. Убри аан аиԥылараҿы ҷыдала инаҵшьны иазгәаҭан Апарламент ари апроцесс аҿы иааннакыло аҭыԥ.
Аиԥылара иалахәыз аԥсшәа раҳәо, иара убас иқәгылеит Ахантәаҩы ихаҭыԥуаа Фазлыбеи Аҩӡбеи Асҭамыр Аршбеи, Апарламент адепутатцәа Резо Занҭариа, Дауҭ Хәытаба, Асҭамыр Герхьелиа, Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.