НОВОСТИ

Алан Маргиев Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш идиныҳәалеит
26.11.2026
Поделиться в соцсетях:

Алан Маргиев Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш идиныҳәалеит

Алада Уаԥстәыла Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иаҳәоит:

"Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-Иԥа! Алада Уаԥстәыла Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ҳаиашьаратә аԥсуа жәлар зегьы ирыдысныҳәалоит  аҳәынҭқарратә ныҳәа-Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш.
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы ирыдыркылаз ареспублика азакәан хада асуверентә демократиатә ҳәынҭқарраҿы анхаразы аԥсуа жәлар иҟарҵаз алхра ӷәӷәала ишьақәнарӷәӷәеит, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рҭышәынтәалареи рыхьчареи рзы хәдықәҵара ауит.

Аконституциа атәыла аҿиара ахырхарҭа хадақәа шьақәнаргылеит, ареспублика асоциал-економикатә ԥсҭазаара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы анаҩстәи аиҭакрақәа рзы алшара дуқәа аанартит.
Агәра ганы сыҟоуп агәрагареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аицхыраареи шьаҭас измоу ҳаиашьаратә жәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы ҳҳәынҭқаррақәа реизҳазыӷьареи рыхьӡала рыҽшдырӷәӷәало, ишҿиало.

Ари амш ныҳәа ду аҽны ишәзеиӷьасшьоит, ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа, Аԥсны жәлар зегьы агәабзиара, аҭынчра».