НОВОСТИ

Татиана Залевскаиа Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш идылныҳәалеит
26.11.2026
Поделиться в соцсетях:

Татиана Залевскаиа Ашәба Лаша Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш идылныҳәалеит


Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Ахантәаҩы Ашәба Лаша идылныҳәалеит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Татиана Залевскаиа.

Абри аҽны ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан хада.

Адокумент аҿы ишьақәыргылоуп зегьы ирыцку атәылауаҩ, уи иинтересқәа, изинқәа роуп ҳәа рылазҳәаз  аҳәынҭқарра апринципқәа,.
Аԥсны Аконституциа адемократиатә уаажәларра азинтә уасхырны ианыҟоу, алшара ҳнаҭоит иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәа хра рыманы рынагӡара, астратегиатә хықәкқәа рызнеира, аполитикатә, асоциалтә, аекономикатә ԥсҭазаараҿы рылшарақәа рынагӡара.
Агәра ганы сыҟоуп атәыла азакәанԥҵаратә акт хада анаҩсгьы атәылауаа рекономикатә еизҳареи, рсоциалтә ҭышәынтәалареи, рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи рзы хәдықәҵара шауа.
Аԥсуа жәлари Шәареи ишәзеиӷьасшьоит аҭышәынтәалара, аус бзиақәа рҿы ақәҿиарақәа, аҭынчреи аманшәалареи!
Иӷәӷәахалааит, ишәҭыкакаҷлааит Аԥсны Аҳәынҭқарра.