Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиаҿы иалацәажәан ақ.Аибга инамаданы ишьақәгылаз аҭ... 21.11.2014

Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиаҿы адепутатцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәаа иаҧну ақыҭа Аибга инадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.

Ари азҵаара иазкын абызшәатә политикеи адемографиеи рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Валери Кәарҷиа иажәахә.

21.11.2014
Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиа.

Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара изаамҭанытәиу ҭагалантәи асессиа. Асессиа мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба.

Актәи аҧхьарала иахәаҧшын иагьрыдкылан азакәанапроект:

“ Ҷыдала ихьчоу аҧсабаратә ҭыҧқәа рзы азакәанапроект”

21.11.2014
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аџьатә Кодекс апроект ахцәажәара иазкын Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиареи ир...

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аџьатә Кодекс апроект ахцәажәара иазкын Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиареи ирызку Аҧсны Жәлар Реизара аилак изаамҭанытәиу аилатәара. Уи мҩаҧигеит Аилак ахантәаҩы Аполлон Гәыргәлиа

21.11.2014
Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәеи Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәеи реиҧылара. <p>Аиҧылара аартуа  Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Д.Џь. Аршба, бзиала шәаабеит ҳәа раиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра амчратә еилазаарақәа рхадацәа: Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистр Р. В. Лолуа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Марганиа З. Б., Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор Хада Ломиа А.К., Аҟәа ақ. апрокурор   Бигәаа А. З.
19.11.2014
Имҩаԥысит изаамҭанутәи есымчыбжьатәи Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Имҩаԥысит изаамҭанутәи есымчыбжьатәи Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара.

Аилатәара мҩаԥигеит Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Д.Џь. Аршба.

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Д.Џь. Аршба аизара аартуа ажәа риҭеит аилатәара иалахәыз Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьчаразы Аԥснынтәи зхатәгәаԥхарала иеибашьуа Донецктәи аинтернационалтә бригада акомандир Ахра Аҩыӡбеи Ставро Багаҭелиеи.

17.11.2014
Имҩаԥысит изаамҭанытәиу есымчыбжьатәи Аҧсны Жәлар Реизара аилатәара

Имҩаԥысит изаамҭанытәиу есымчыбжьатәи Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара.

Аилатәара мҩаԥигеит Аԥсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Д.Џь. Аршба.

Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Д.Џь. Аршба аизара аартуа ажәа риҭеит аилатәара иалахәыз Донецктәи Жәлар Рреспублика ахьчаразы Аԥснынтәи зхатәгәаԥхарала иеибашьуа Донецктәи аинтернационалтә бригада акомандир Ахра Аҩыӡбеи уи ихаҭыҧуаҩ Ставро Багаҭелиеи.

17.11.2014

Pages: Prev. 1 ... 78 79 80 81 82 ... 89 Next