имҩаҧигеит ааҧынтәи асессиа хзыркәшаз Жәлар Реизара – Апарламент аилатәара. Апарламент иаднакылаз Ақәҵара инақәыршәаны адепутатцәа ҳ. аш. сентиабр 22-нӡа аҧсшьара ицеит.
Август 31, амҽышазы Ҷлоутәи алхратә округ №26 аҿы адепутат Беслан Быҭәба аҿҳәара ааиаанӡа инапынҵақәа рышьҭаҵара инадҳәаланы имҩаҧысит Жәлар Реизара адепутат иалхра. Жәлар Реизара адепутатс далхуп Ҷлоутәи Алмас Џьапуа.
Адепутаттә мандатк иеицықәгылан ҩыџьа акандидатцәа - Алмас Џьапуеи Амиран Какалиеи. Алхрақәа мҩаҧысит “Аҧсны Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхразы” Aзакәан инақәыршәаны.
Акыр иаҧсоу аҵаҩцәа! Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Адырра Амш!
Ашкол дарбанзаалак ауаҩы иҧсҭазаараҿы акыр зҵазкуа аамҭоуп. Аброуп ахәыҷқәа адыррақәа ршьапы ахьыркуа, абрантә аҳәынҭқарра иатәылауааны, р-Ҧсадгьыл иаҵеицәаны иҟалоит. Ашкол аҿи аҭаацәараҿи ауп ауаҩы иреиҕьу ауаатәҩсатә ҟазшьақәа: аламыс, аҳаҭыреиқәҵара, аџьабзиабара, аҭакҧхықәра ахьиларааӡо. Иахьагьы ауаҩы ианихцәажәо, дзылгаз а школ ргәаладыршәоит. Акыр иаҳзаҧсоу арҵаҩцәа гәыкала ирзеиҕьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа, аҵаҩцәа - рҵараҿы ақәҿиара дуқәеи алеишәа бзиеи, аҭаацәа – ачҳареи ашкол ҧсҭазаара активла аҽалархәреи. Ижәдыруазарц ҳҭахуп ҳгәыҕрақәа шәара ишшәыдаҳҳәало, ҳара ҳганахьала арҵара-ааӡаратә система ахаҭабзиара ашьҭыхразы аҭагылазаашьа аиҕтәразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
“Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа!
Ҳаҭыр ду шәықәҵо, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәара ахьӡала, хаҭала сара исанашьоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵурахьы шәалхра шәыдныҳәалара!
Аҳәынҭқарра ахадарахьы алхрақәа рҿы шәара ижәгаз аиааира шаҳаҭра ауеит шәара аҧсны жәлар аполитикатә напхгараҿы ишәырҭо аҳаҭыри агәрагареи ртәы, аҳәынҭқарра амаҵ аураҿы шәара ишәымоу аихьӡарақәа шазхарҵо, ихьыҧшыму, идемократиатәу Аҧсны аргыларазы ахырхарҭа адгылара шарҭо!
Аиҧылараҿы ирылацәажәан ҳазҭоу ашықәс нҵәаанӡа аиҩызареи, аусеицуреи, аицхыраареи рзы Аҧсни Урыстәылеи аиқәшаҳаҭра ҿыц рыбжьаҵаразы иҟоу алшареи аҭахреи ртәы. Аиқәшаҳаҭра ҿыц хықәкыс иамоуп ихьыҧшым аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аинтеграциа аҩаӡара хаҭабзиарала ашьҭыхра.
Уи адагьы, иазгәаҭан Урыстәыла Аҧсны аганахьала иҟанаҵо афинанстә цхыраара ашьҭыхреи урыстәылатәи аинвесторцәа дуқәа атәыла радҧхьалараҿы ацхыраара азуреи ишазхиоу.
Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ахада агәыҕра ааирҧшит Рауль Ҳаџьымба аҳәынҭқарра ахадараҿы иусура Аҧсны азеиҧшмилаҭтә еизыразреи аҩныҵҟатәи аполитикатә ҭышәынтәалареи ралыршара, асоциалтә-економикатә ҿиараҿы иактуалтәу ауснагӡатәқәа еффективла рыӡбара ишазкхо.
Урыстәыла Ахада ишьақәирҕәҕәеит Урыстәылеи Аҧсни аҧхьаҟатәи реиҩызаратә еизыҟазаашьа арҕәҕәаразы, иеиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аҩганк ирзыфеидоу аусеицуразы иеизааигәаны аусеицура ишазыхиоу..