Аҧсны Жәлар Реизара адепутатцәа иреиҳау бжьыҭирала Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иҭоуба аҧсахрақәа аларгал... “Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан аҧсахра алагаларазы”

АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА

АЗАКӘАН

1Ахәҭаҷ

“Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы” (Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵаратә актқәа Реизга,1999, №11, 11ахәҭ.)” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан 1999 ш. март 12, №487 – ахәҭ. – XIII аҩбатәи ахәҭа ахҧатәи абзац ацҵаны иалагалазааит абас еиҧш аҵакы змоу аҧсахра:

“Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы” азакәан 7 Ахәҭаҷ (“Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иҭоуба”) абарҭ ажәақәа рыла ихарҭәаауп:

“Ҭоуба зуеит, сымч-сылша, схы-сыхшыҩ, сыҧсҭазаара зегьы Сыҧсадгьыл, сыуаажәлар рымаҵ аура ишазыскуа, сыжәлар ирымҭаны снапаҿы иҟало амчра ҳҳәынҭқарра Аконституциа, иахьатәи уи амш, уаҵәтәи уи аҧеиҧш рыхьчараз схы ишасырхәо.

Жәлар рылахь соуааит иҧшьоу абри ахықәкы сацәхьаҵны саныҟала!

Иа Анцәа Ду, суҳәоит Сыҧсадгьыли сыуаажәлари рымаҵ аураҿы амчи алшареи суҭарц!”

Азакәанапроект авторс дамоуп адепутат С.Г. Ҳаразиа

19.08.2014
Аҧсны Жәлар Реизара гәыҧҩык адепутатцәаАҧсны Аҳәынҭқарра ауааҧсыра рахь иҟарҵаз Ааҧхьара

Аҧсны иахьа Аҳәынҭқарра Ахада иалхра иадҳәалоу акрызҵазкуа аполитикатә хҭысқәа рышәхымс инеины инылагылеит. Алхратә кампаниа аконституциатә закәанҧҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура иамхра аҟынӡа иназгаз атәыла анапхгараҭаратә кризис иахҟьаз ауаажәларратә-политикатә еибарххара аныҟоу аамҭазы имҩаҧысуеит.

Уаҩы ибартә иҟоуп изаамҭанытәим алхрақәа Аҧсны анапхгара аиҭакрақәа рымҩаҧгара аҭахны ишыҟоу азы ирымамыз аилкаара ишахҟьаз, уи ҳтәылауаа рҭагылазаашьеи иааидкыланы аҳәынҭқарра аҿиареи ирныҧшыз аполитикатә еиҧш аекономикатә стагнациа шахылҵыз.

Ҳара, алада знапы аҵазҩыз Аҧсны Жәлар Реизара гәыҧҩык адепутатцәа Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иҧа икандидатура адгылара анаҳҭо, агәра ганы ҳаҟоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы иқәгылоу абри акандидиат шиакәу ҳара ҳуаажәларра ҕәҕәала ирҭахны иҟоу зегьызҵазкуа аиҭакра дуқәа рынагӡарала асоциалтә-економикатәи аполитикатәи еиҭакрақәа аҧсҭазаара аларҵәара зылшо.

Хыхь иазгәаҳҭаз инадҳәаланы, иаҭахны иҳаҧхьаӡоит шәара, акыр иаҳзаҧсоу ҳауаажәлар шәышҟа нанҳәа мза 24, 2014 шықәса рзы имҩаҧысраны иҟоу алхрақәа раан Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадарахьы акандидат Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иҧа икандидатура адгылара ашәҭарц азы иҟаҳҵо ааҧхьара.

Аҧхьаҟа Ҳаџьымба Рауль Џьумка-иҧа Апарламент аиҳарак ирҭо адгылара иазгәаҭоу асоциалтә-економикатәи аполитикатәи реформақәа азакәанҧҵара инақәыршәаны ирццакны, еффективла рымҩаҧгара илнаршоит. Уи, хымҧада, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаҧысуа ауаажәларра-политикатә процессқәа рҭышәныртәалареи рырҿиареи иацхраауеит.

Милаҭрацәала иеилоу Аҧсны ажәлар зегьы ирзеиҕьаҳшьоит аҭынчра, аизыразра, аизҳазыҕьара!

Ҳаҭырла:

1. Бганба Валери Рамшьыхә-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара ахантәаҩы

2. Ҳаразиа Адгәыр Рафеҭ -иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

3. Агрба Валери Владимир-иҧа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы аилак ахантәаҩы

4. Бжьаниа Ахра Иури-иҧа - Аҧсны Аҳәынҭқарра аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, адини, Аҿар руси аспорти рзы Аилаки рзы Аилак 5. Гәргәлиа Аполлон Алмасхан-иҧа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы аилак ахантәаҩы

6. Барцыц Беслан Константин-иҧа – Аҧсны Аҳәынҭқарра Азинтә политикеи, аҳәынҭқарратә ргылареи, ауаҩы изинқәеи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

7. Ҵнариа Беслан Константин-иҧа - Аҧсны Аҳәынҭқарра абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

8. Гәбаз Беслан Шутик-иҧа - аграратә политикеи, аҧсабаратә хархәагақәеи, аекологиеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

9. Сангәлиа Михаил Пиотр-иҧа - атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

10.Чамагәуа Леонид Михаил-иҧа - Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ

11. Амқәаб Артур Артиом-иҧа – Аҧсны Жәлар Реизара адепутат 12. Кобахиа Аслан Алеқсеи-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

13. Кәарҷиа Кан Валери - иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

14. Ҳаразиа Саид Геннади-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

15. Убириа Бежан Михаил-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

16. Кәыҵниа Нодик Иури - иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат 17. Галустиан Левон Миружан-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

18. Аршба Даур Џьумка-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

19. Иаилиан Роберт Аигаз-иҧа - Аҧсны Жәлар Реизара адепутат

20.Кәарҷиа Валери Ермеи-иҧа -абызшәатә политикеи адемографиеи рзы аилак ахантәаҩы

15.08.2014
Имҩаҧысит напхгара ззиуа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, ади...

Аилатәара иалахәын: Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамисониа, аилак иалахәу Левон Галустиан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа азинтә ҟәша ареферент еиҳабы Натела Аламиа. Амш азҵаара инақәыршәаны ирыхәаҧшын “Амузеиқәа рзы”, “Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихьӡ акамыршәразы” азакәанқәа рпроектқәа. Азакәанҧҵаратә хаҧшьгара аҳасабала адепутатцәа ахәаҧшразы урҭ ықәиргылеит адепутат А.Иу. Бжьаниа.

“Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихьӡ акамыршәразы” Азакәан апроект Жәлар Реизара Апарламент иаднакылеит актәи аҧхьараан иун 12, 2013 шықәсазы.

09.06.2014

Pages: Prev. 1 ... 83 84 85 86 87 ... 89 Next