Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ изы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс даҭазааит Шамба Дмитри Михаил-иҧа.
АҦСНЫ АХАДА Р. ҲАЏЬЫМБА
ақ. Аҟәа
октиабр 01, 2014 шықәса
№ 226
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ изы
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс даҭазааит Уста-Ахмед-оглы Даур Валери-иҧа
. АҦСНЫ АХАДА Р. ҲАЏЬЫМБА
ақ. Аҟәа
октиабр 01, 2014 шықәса
№ 227
Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы иҳәеит иколлегацәа рыхьӡала уаанӡа иазгәаҭаз ауснагӡатәқәа рынагӡаразы апарламенттә усеицура активла ацҵара дшазхиоу. “Агәра ганы сыҟоуп, ҳамчқәа еилаҵаны аҧсуа-аурыс стратегиатә усеицура аҧхьаҟагьы арҕәҕәахара шҳалшо наҟ-ааҟ ҳтәылақәеи ҳажәларқәеи реизҳазыҕьареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи рзы”.
Валери Бганба Валентина Матвиенко илзеиҕьаишьеит аҳәынҭқарратә усураҿы аихьӡара ҿыцқәа, анасыҧ, аманшәалара.
иколлегацәа рыҟнытә Алада Уаҧстәыла Ареспубликаҟнытә, Приднестровтәи Молдавиатәи ареспубликаҟнытә, Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспубликаҟнытә. Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы Анатоли Бибилов Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент ахьӡала, хаҭала иара ихьӡала Валери Бганбеи аҧсныжәлар зегьи ирыдиныҳәалеит рмилаҭтә ныҳәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра Амш.
Уи иҟаиҵаз адныҳәалараҿы иҳәоуп:
“1993 шықәсазтәи сентиабр 30 шәара шәзы иҷыдоу мшуп . Амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿы ишәоуз ахьыҧшымра шәыжәлар аҭоурых аҿы аамҭа ҿыц уасхырс иазышьҭалеит, уи ҧхьаҟатәи аҧеиҧшгьы ҳәаақәнаҵеит. Аамҭа хҵәахак иалагӡаны шәара шәҳәынҭқарратә ргылараҿы аихьӡара дуқәеи шәоуит - аиҭашьақәыргылара мҩаҧысуеит жәлартә-нхамҩатә комплекс, аҿиара иаҿуп аиҩызаратә, аусркратә еизыҟазаашьа акымкәа атәылақәеи шәареи шәыбжьара. Агәра ганы иуҳәар алшоит, Аҧсны демократиатәла ахы иақәиҭтәны иҿио, ҧеиҧш бзиа змоу ҳәынҭқарраоуп ҳәа.
Ҳара гәахәарыла ишәыцеиҩаҳшоит Аиааира ду иацу агәырҕьара, ҳаҧхьаҟа инарҭбааны ҩ-ганктәи аусеицуреи, апарламентбжьаратә еимадареи ҳажәларқәа реиҩызареи ҳшазыхиоу”.
Анатоли Бибилов Валери Бганба изеиҕьаишьеит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, агәҭакынаӡара, аҧсуа жәлар – аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыҕьара.
Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Михаил Бурла Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы аҟны иҳәеит:
“Ҳаҭыр зқәу Валери Рамшьух-иҧа! Приднестровтәи Молдавиатәи ареспублика ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала, азин сышәҭ, Шәареи Шәара шәколлегацәеи, Аҧсны жәлар зегьи шәмилаҭтә ныҳәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымра Амш шәыдныҳәалара!
Хацәнмырха ахьыҧшымразы шәықәҧареи, аизҳазыҕьаразы иааиҧмырҟьаӡакәа аџьа ижәбозеи рыла адунеи зегьы иашәырбеит Аҧ сны Аҳәынҭқарра аҟазаара шалшо, ишьақәшәырҕәҕәеит шәара шәзин, шәара шәабиҧарақәа рхы иақәиҭны, насыҧ рыманы ари адгьыл аҿы анхаразы ирымоу азин. Акры зҵазкуа ари амш азы Приднестровиа Иреиҳаӡоу Асовет Аҧсны Жәлар Реизара аусрыцура арҿиаразы илаҳхыз амҩа ҧсахра шақәым.
Ишәзеиҕьаҳшьоит агәабзиара, аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыҕьара!”
Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика Амилаҭтә Еизара Ахантәаҩы Ашот Гулиан Аҧсны Жәлар Реизара Ахантәаҩы Валери Бганба ишҟа адныҳәалара ааишьҭит Аҧсны аҳәынҭқарратә ныҳәа - Аҧсны жәлар 1992-1993 ш.ш. раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра 21 шықәса ахыҵреи ахьыҧшымра Амши разгәаҭара инамаданы.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа рыбжьара аџьатә еизыҟазаашьақәа раанкыларазы
“Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада изы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан 32 ахәҭаҷ инақәыршәаны:
1. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа рыбжьара аџьатә еизыҟазаашьақәа аанкылазааит.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа рнапынҵақәа рынагӡара рыдҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аилазаара ҿыц шьақәыргылахаанӡа.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи рзы Аилак ахантәаҩы Леонид Чамагәуеи Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика азакәанҧҵаратәи, азинхьчаратәи усбарҭақәеи, атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭреи рзы Иреиҳаӡоу Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ ы Григори Диаченкои реиҧылара.
Аиҧылараҿы ирылацәажәеит аҩ-ҳәынҭқаррак рыдәныҟатәи рыҩныҵҟатәи аполитика иадҳәалаз азҵаарақәа, алхратә закәанҧҵара аиҕьтәреи аполитикатә система аҿиареи рзы рҧышәақәа еимырдеит. Ҷыдала иазааҭгылан “Адемократиеи ажәларқәа рзини рзы” Ауаажәларра аҳәынҭқаррақәа-алахәылаҩцәа Рпарламентбжьаратә Ассамблеиа аусура аҳәаа иҭагӡаны русеицура азҵаарақәа. Григори Диаченко Аҧсны Аҳәынҭқаррахь дымҩахыҵит Аҧсны имҩаҧысраны иҟоу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхра жәларбжьаратәи ахылаҧшҩы иаҳасабала иҽалаирхәырц азы.
Жәларбжьаратәи ахылаҧшҩцәа раҳасабала, Ахада инапынҵақәа назыгӡо Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахантәаҩы Валери Бганба иҟаиҵаз ааҧхьарала Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспубликаҟнытә иааит иара убас : Надежда Заболотскаиа - Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика Ацентртә алхратә комиссиа Ахантәаҩы; Владимир Лужански - Приднестровтәи Молдавиатәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аконсултә-зинтә усбарҭа аиҳабы, Григори Маракуца - “Адемократиеи ажәларқәа рзини рзы” Ауаажәларра аҳәынҭқаррақәа-алахәылаҩцәа Рпарламентбжьаратә Ассамблеиа Амаӡаныҟәгаҩ Хада.