ПОПУЛЯРНОЕ
Аҧсны Жәлар Реизараҟны ирылацәажәеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәара иадҳәалоу апроблемақәа
Лаҵарамза 17 рзы имҩаҧысит Аҵараиуреи, аҵарадырреи, акультуреи, аҿар русқәеи аспорти рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак инарҭбаау аилатәара.
17.05.2016
Аҧсны Жәлар Реизара аӡбаҩцәа ркандидатурақәа шьақәнарҕәҕәеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 69 ахәҭаҷ инақәыршәаны Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара ахәаҧшырц иалаигалеит Гагра араионтә ӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы Мери Мықәба лалхрази Очамчыра араионтә ӡбара аӡбаҩцәа рмаҵурахьы Валери Занҭареи Гәули Цыбеи ралхрази ажәалагала.
16.05.2016
Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Макаров напхгара ззиуаз аделегациа.
12.05.2016
Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Томас Хаммарберг иҧыларақәа.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамсаниа ауаҩы изинқәа инарыдҳәаланы Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵааразы Европатәи Ахеилак ҧасатәи Акомиссар, ихьыҧшым аексперт Томас Хаммарберг диҧылеит. Аиҿцәажәараан Емма Гамсаниа иазгәалҭеит ари атематика иадҳәалоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара азҵаарақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан ахәыҷқәеи аҳәсеи рзинқәа, лымкаала аҳәса аҳәынҭқарра аполитикатә ҧсҭазаара ралахәра.
12.05.2016
Апарламентбжьаратә еимадарақәа рыҽдырҭбаауеит
Амч аиуит Аҧсны жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганбеи Донецктәи Жәлартә Республика Жәлар Рсовет Ахантәаҩы Денис Пушилини Лугансктәи Жәлартә Республика Жәлар Рсовет Ахантәаҩы Владимир Дегтиаренкои ирыбжьарҵаз азакәанҧҵаратә усураҟны аусеицуразы аиқәшаҳаҭра.
10.05.2016
Валери Бганба: «Маи 9 – Аиааира Амш – ажәытәи аҿатәи еимаздо, ҳажәларқәа еидызкыло традициа дуӡӡоуп»...
06.05.2016
Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 71 шықәсахыҵра аламҭалазы Аҧсны жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба Аҧсны жәлар Реизара ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә Еизара Ахантәаҩы Сергеи Нарышкин ишҟа адныҳәалара ишьҭит:
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп: