Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵра аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала адныҳәалара дәықәиҵеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рнапхгарахь.
Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рыхьӡала иишьҭыз адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
«Афашисттә агрессор ииааира Амш азгәаҭо, ҳара Аҧсадгьыл ахақәиҭреи ахьыҧшымреи азаазгаз зеиҧш ҟамлац афырхацәа ргәалашәара аҿаҧхьа ҳхырхәоит. Ари асовет жәлар зегьы ирзеиҧшу ҧсра-ӡра зқәым Иааироуп!
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
"Акыр иаҧсоу Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа!
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара 72-тәи ашықәсхыҵра!
Аиааира ду ажәлар зегьы рфырхаҵареи Аҧсадгьыл азы рхамеигӡареи ирсимволны иҟоуп. Иахьа шәара – Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа аветеранцәа зеиҧш ҟамлац фырхаҵаралеи шьакаҭәаралеи аибашьрақәа рыҟны Аиааира иазықәҧоз, хацәынмырха атыл аҟны Аиааира зчаҧоз хьӡи-ҧшеи шәаҳҭоит, шәыхьӡала ҳхырхәоит.
Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валера Кәарҷиа идиныҳәалеитАџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 72-тәи ашықәсхыҵра.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«102 шықәса ҵуеит аерман жәлар Аосмантә империа аерман жәлар массала рнырҵәара анымҩаҧысуаз урҭ ашьаарҵәыратә мшқәа раахыс.
Шәнызқьла ауаа ҭахеит, ирацәаҩуп забацәа рыдгьылқәа ааныжьны иқәҵны атәым тәылақәа рахь имцар амуыз. Убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп зықьҩыла ахҵәацәа ахеиқәырхаразы иааны иахьынхаз, ахыҵакырҭа ахьырыҧшааз Аҧсынгьы.
Аҧсуа жәлар, усҟантәи аамҭазы мчыла ахҵәара иақәдыршәаз, аерман жәлар зҭагылаз арыцҳара еилкааны рхьаа рыцеиҩыршеит, гәык-ҧсыкала ирыдыркылеит.Абри аамҭа инаркноуп ахы анакызгьы шәышықәса инареиҳаны иара Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭоурых иаҟәыҭхам аҧснытәи аерманцәа рҭоурых. .
Арцах Амилаҭтә Еизара Ахантәаҩы Ашот Гулиан Валери Кәарҷиа идиныҳәалеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабыс иалхра.
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп:
Алада Уаҧстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Инал Мамиев Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабыс иалхра инамаданы Валери Кәарҷиа дидныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны, лымкаала, иҳәоуп: