ПОПУЛЯРНОЕ
Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит адепутатцәеи Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиҧылара
Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит адепутатцәеи Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи реиҧылара
13.06.2016
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Урыстәыла Амш инамаданы адныҳәалара ҟеиҵеит
Урыстәылауаа рашәарамза 12 рзы иазгәарҭо аҳәынҭқарратә ныҳәа – Урыстәыла Амш аламҭалазы Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба адныҳәалара ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Сергеи Нарышкини рышҟа.
10.06.2016
Аҧсны Жәлар Реизараҟны ирылацәажәеит анаркотикатә маҭәашьарқәа рхархәара иадҳәалоу апроблемақәа
Лаҵарамза 17 рзы имҩаҧысит Аҵараиуреи, аҵарадырреи, акультуреи, аҿар русқәеи аспорти рзы Аҧсны Жәлар Реизара Аилак инарҭбаау аилатәара.
17.05.2016
Аҧсны Жәлар Реизара аӡбаҩцәа ркандидатурақәа шьақәнарҕәҕәеит
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа 69 ахәҭаҷ инақәыршәаны Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Жәлар Реизара ахәаҧшырц иалаигалеит Гагра араионтә ӡбара Ахантәаҩы имаҵурахьы Мери Мықәба лалхрази Очамчыра араионтә ӡбара аӡбаҩцәа рмаҵурахьы Валери Занҭареи Гәули Цыбеи ралхрази ажәалагала.
16.05.2016
Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара аделегациа.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы Валери Бганба идикылеит Санкт-Петербург Азакәанҧҵаратә Еизара Ахантәаҩы Виачеслав Макаров напхгара ззиуаз аделегациа.
12.05.2016
Аҧсны Жәлар Реизараҟны имҩаҧысит Томас Хаммарберг иҧыларақәа.
Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамсаниа ауаҩы изинқәа инарыдҳәаланы Аҧсны иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵааразы Европатәи Ахеилак ҧасатәи Акомиссар, ихьыҧшым аексперт Томас Хаммарберг диҧылеит. Аиҿцәажәараан Емма Гамсаниа иазгәалҭеит ари атематика иадҳәалоу Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанҧҵара азҵаарақәа. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан ахәыҷқәеи аҳәсеи рзинқәа, лымкаала аҳәса аҳәынҭқарра аполитикатә ҧсҭазаара ралахәра.
12.05.2016