Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Урыстәыла Амш иазку адныҳәаларақәа дәықәиҵеит... Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  Валери Кәарҷиа Урыстәыла Амш рыдиныҳәалеит Афедерациа Ахеилак алахәцәеи Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи.
11.06.2018
Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭаҟны Урыстәыла Амш азгәарҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчызмоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин иҟаиҵаз ааҧхьарала Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент  Валери Кәарҷиеи  Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит Урыстәыла Амш азгәаҭара инамаданы.
08.06.2018
Виачеслав Володин: «Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» – ари агәаанагарақәеи, аҧышәеимда... Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа Жәларбжьаратәи афорум «Апарламентаризм аҿиара» аусура иалахәуп. Уи аатит Москва, лаҵарамза 4 рзы. Афорум аҽалархәразы иааит 96 тәыла рхаҭарнакцәа.
04.06.2018
Актәи аҧхьараан ирыдкылоуп «Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа... <p>Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа изаамҭанытәиу аилатәараҟны актәи аҧхьараан ирыдыркылеит «Ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рзы” Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Ари азакәанапроект цәыригеит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографеии, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзыАилак ахантәаҩы Алхас Џьыныџьал.  

<p>Ари Азакәан ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа рсистема шьақәнаргылоит Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы адемографиатә ҭагылазаашьа аиҕьтәра, ааӡара бзиа амҩаҧгаразы, ахшарарацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа рҿы ахәыҷқәа рырҿиареи аҵара дырҵареи хықәкыс иҟаҵаны.
Актәи аҧхьараан ирыдыркылаз азакәанапроект инақәыршәаны ахшарацәа змоу ҭаацәараны иазхаҵахоит хҩыки урҭ инареиҳани ахәыҷқәа ахьыҟоу жәаа шықәса рхыҵаанӡа  (23 шықәса рҟынӡа абжьаратә иҷыдоуи иреиҳаӡоуи аҵараиурҭақәа аҵара рҵозар). Иара аҧҟара аҵанакуеит Аҧсны Аҳәынҭқарра иааиҧмырҟьаӡакәа иқәынхо Аҧсны атәылауаа рахьтә ахшарарацәа змоу аҭаацәарақәа.  

<p>Азакәанапроект инақәыршәаны, ахшарацәа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә дгылара рыҭара иазку ауснагӡатәқәа раҳасабала рыҭразы ирыдгалахоит абарҭ азинқәеи альготақәеи:
04.05.2018
Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ааҧынтәи асессиа аилатәара Имҩаҧысит Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу ааҧынтәи асессиа аилатәара. Аилатәара мҩаҧигеит Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа.

Ирыхәаҧшит иагьрыдкылоуп аҵыхәтәантәи аҧхьараан Аҧсны Аҳәынҭқарра азакәанқәа:
03.05.2018
Шәачатәи аинститут (афилиал) УЖӘРА (РУДН) 20-шықәсахыҵратәи аиубилеи азгәанаҭоит Урыстәылатәи ажәларқәа реиҩызара ауниверситет Шәачатәи аинститут  адиректора  Надежда Козлова иҟалҵаз ааҧхьарала, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатцәа Омар Џьынџьали Инал Ҭарбеи Шәачатәи аинститут УЖӘРА (РУДН) 20-шықәсахыҵратәи аиубилеи азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа ирылахәуп.  
  Аинститут аиубилеи азгәаҭара инамаданы, Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Шәачатәи аинститут (афилиал) УЖӘРА (РУДН) адиректор Надежда Козловеи ауи аколлективи дрыдныҳәалеит.
20.04.2018

Pages: Prev. 1 ... 54 55 56 57 58 ... 85 Next