Имҩаҧысит напхгара ззиуа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аҵараиуреи, аҭҵаарадырреи, акультуреи, ади...

Аилатәара иалахәын: Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Емма Гамисониа, аилак иалахәу Левон Галустиан, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа азинтә ҟәша ареферент еиҳабы Натела Аламиа. Амш азҵаара инақәыршәаны ирыхәаҧшын “Амузеиқәа рзы”, “Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихьӡ акамыршәразы” азакәанқәа рпроектқәа. Азакәанҧҵаратә хаҧшьгара аҳасабала адепутатцәа ахәаҧшразы урҭ ықәиргылеит адепутат А.Иу. Бжьаниа.

“Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г. Арӡынба ихьӡ акамыршәразы” Азакәан апроект Жәлар Реизара Апарламент иаднакылеит актәи аҧхьараан иун 12, 2013 шықәсазы.

09.06.2014

Pages: Prev. 1 ... 75 76 77 78 79 80 Next