ПОПУЛЯРНОЕ
Валери Кәарҷиа Алықьса Гогәуа идиныҳәалеит Иира амш
15.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа Алықьса Гәагәуа идиныҳәалеит Иира амш.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр ду зқәу Аҧсны жәлар ҳашәҟәыҩҩ ду – ҳаҧхьагыла,
Гәагәуа Алықьса Ноча-иҧа! Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ҧсыкала иудысныҳәалоит умш иира – ҧжьынҩажәи жәаба шықәса ухыҵра.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы В. Кәарҷиа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит...
08.03.2022
«Акыр иаҳзаԥсоу анацәа, ҳаҳәшьцәа, ҳҭыԥҳацәа! Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Жәларбжьаратәи аҳәса рымш!
Ари ааԥын ныҳәа ссир абзиабара, аԥшӡара, ахаара, аҳаҭырқәҵара ирсимволуп. Жәытә-натә аахыс шәара, ахәышҭаара, хра злоу аҵасқәа реиқәырхара шәнапы иануп, дарбанзаалак ауаҩы иԥсҭазаара иадҳәалоу ахҭыс бзиақәа шәара ишәымадоуп.